«Агәҽанҵарақәеи иаангыларц азы адҵаҟаҵарақәеи рышьҭахь ацәгьоуцәа анаанымкыла, азинхьчаратә усзуҩцәа агәҽанҵаразы ахысра иалагеит. Амилициа аусзуҩцәа аԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло ахҭысқәа аныҟоу изықәныҟәо амилициазы азакәан инақәыршәаны рхы мҩаԥыргеит», —иҳәеит Роберт Кьиут.
Иара ишазгәеиҭаз ала, авидеоматериалқәа ишаҳдырбо ала, иааиуаз ацәгьоуцәа рымҩа кны уаҟа игылаз амилициа аусзуҩцәа автомашьынала ирыжәларц рҽазыршәеит,убри аамҭазы амилициа аусзуҩцәа руснагӡатәқәа азакәан аҳәаақәа ирҭагӡан.
Роберт Кьиут инаҵшьны иазгәеиҭеит, Ҵандрыԥшь аҳаблаҿы иҟаз алхратә ҭыԥ аҿы ацәгьоуцәа румҭа алхрақәа реилагара, атәылаҿы аҭагылазаашьа ашьақәҟьара ишазырхаз.
Убри инамаданы аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инаҵшьны иҳәеит амилициа ианакәызаалакгьы аполитика ишалахәым, уи аусура зегьы азинтә ҭышәынтәалареи акриминал аҿагылареи ишазырхоу.
«Абри инадҳәаланы хымԥада иазгәасҭарц сҭахуп, амилициа аполитика ахы шаланамгало. Ҳусзуҩцәа рыхьӡқәа рыҟьашьразы аҽазышәарақәа ҳауаажәлар зегьы ирԥырхагоуп, ҳтәыла аҿиаразгьы ишәарҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит», - ҳәа иҳәеит иара.
Роберт Кьиут иара убасгьы иҳәеит изышьҭаз руаӡәк уаанӡа змаҵуратә уалԥҳьа назыгӡоз амилициа аусзуҩ иганахьала абџьар ихы иаирхәеит ҳәа ишьҭазаара шрылаҳәаз.
«Уи зегьы ахьырхәрада иаанхаӡом…. Ацәгьоурақәа рҿагылара иацҵахоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Роберт Кьиут.