Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Аҧсны Ахадас иалху изеиӷьеишьеит аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә усураҟны аихьӡарақәа иара убас агәабзиареи еицамкуа агәамчи, аҭынчра, аизҳазыӷьара.
***
Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Аршба Оҭар иҟнытә адныҳәаларатә аацҳамҭаҟны Гәынба Бадра ахада иалхрақәа рыҟны иигаз аиааира «аҭоурыхтә ҵакы амоуп» ҳәа иазгәаҭоуп. Адепутат иҳәеит Аԥсны ажәлар рыхьӡала ареформақәа Урыстәыла адгыларала ирццакны имҩаԥыслоит ҳәа агәыӷра шимоу. Иара убас уи Гәынба Бадра изеиӷьеишьеит агәабзиара, еицакра змам агәамч, инапы злаикуа аусқәа рыҟны аихьӡарақәа.
***
ИАУ МАК адиректорцәа рхеилак Ахантәаҩы Виктор Рашников иҟаиҵаз адныхәалараҟны иҳәеит Гәынба Бадра инапхгарала ареспублика ԥхьаҟа аҿиара иацнаҵоит ҳәа агәыӷра шимоу, аҵак ду змоу аԥшьгарақәеи апроектқәеи нагӡо. Иалху Аԥсны Ахада изеиӷьеишьеит иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа рынагӡараҟны аихьӡарақәа.
Адныҳәаларақәа аарышьҭит иара убас Ареспублика Башкортосҭан Анапхгара аԥыза-министр Андреи Назаров, Ареспублика Башкортосҭан Ахада Ради Хабиров, Санкт-Петербург агубернатор Александр Беглов, Урыстәылатәи Афекдерациа Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Александр Новак, Москватәи Аԥсуа диаспора ахантәаҩы Беслан Агрба, Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа, Санкт-Петербургтәи аԥсуа диаспора,Аԥсны Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба, уҳәа убас аӡырҩы.