АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Хәажәкыр.2025

Аԥсни Урыстәылеи рартистцәа злахәыз Жәларбжьаратәи аҳәса рымш иазкыз аныҳәатә концерт ду мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра Ашҭаҿы Аԥсни Урыстәылеи рартистцәа злахәыз Жәларбжьаратәи аҳәса рымш иазкыз аныҳәатә концерт ду мҩаԥысит.  

Аусмҩаԥгатә иаҭааит Аԥсны аиҳабыра, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Россотрудничества ахаҭарнакра аиҳабы Владислав Куликов, аҳҭнықалақь ахадара.

Ахақәиҭра ашҭа уаала иҭәын, аӡәырҩы Аԥсни Урыстәылеи рбираҟқәа кны инеит.

Еизаз рҿаԥхьа аконцерт иалагаанӡа иқәгылеит Аԥсны Ахадас ҿыц иалху Бадра Гәынба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Ауаажәларратә проектқәа рзы иусбарҭа аиҳабы Сергеи Новиков.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба аконцерт алагаанӡа аҳәса Жәларбжьаратәи рныҳәамш рыдиныҳәалеит.

«Акыр иаԥсоу ҳанацәа, ҳахәшьцәа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ааԥын ныҳәамш - Жәларбжьаратәи аҳәса рымш! Абри аҽны даҽа аамҭанык еиԥшымкәа, гәыла-ԥсыла, ҳаҭырла  ҳрыдныҳәалоит рҟәыӷаразы, ргәыбылразы, рыразразы акыр иаҳзаԥсоу ҳанацәа, ҳахәшьцәа, ҳҩызцәа. Шәара шәоуп ари адунеи иаҟәнызҵо ахаара, аԥшӡара, зегь раԥхьа игылоу – анра иацу абзиабара ду. Ҳара ҳҭоурых зегьы аҩныҵҟа аԥҳәыс ахаангьы ҳуаажәларраҿы аҭыԥ ҷыда аанылкылон. Ҳара зегьы анацәа зегьы ирану - Саҭанеи Гәашьа лхаҿсахьа ашәышықәсақәа иргәылганы иаазго Нарҭтәи аепос иааӡаз ҳауп. Абри аныҳәамш аҽны ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа ранацәа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, иара убас иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы  иаашәырԥшыз ахачҳара ажәала еиҭаҳәашьа амаӡам. Ҳхырхәоит шәҿаԥхьа!  Ахә ашьара уадаҩуп иара убас Ҳаԥсадгьыл алахьынҵа аӡбара анымҩаԥысуаз  ҳаибашьцәа иарӷьажәҩаны ирывагылаз амедиаҳәшьцәа ргәымшәара. Гәахәароуп иахьа урҭ  ари аныҳәамш  рыдныҳәаларазы алшара ахьҳамоу.    Иахьагьы, аԥсуа ҳәынҭқарра аргылара анымҩаԥысуа, ҷыдала рхатә ҭыԥ аныркылоит аҳәса.  Шәара активла шәалахәуп аҭҵаарадырра, аҟазара, акультура, абизнес, қәҿиарала инашәыгӡоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыҟны шәнапы иану аусқәа.  Ҳаԥсадгьыл аԥхьаҟатәи аԥеиԥш ачаԥаразы ҳажәлар ракзаара ихадароу хырхарҭаны иҟоуп Аԥсны анапхгара аусураҟны. Абраҟагьы ҳара ҳрықәгәыӷуеит аамҭақәа зегь раан абжьаҟазареи ауаҩы ибзиабареи символра азызуаз ҳанацәа ҟәыӷақәа. Даҽазныкгьы гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аҿиара, аҿара, аԥшӡара зыцны иааиз ааԥын ныҳәа! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, дасу шәнапы злаку аусқәа рыҟны аихьӡарақәа, анасыԥ!  Есааԥынра шәгәырӷьо шәаԥылалааит!», - ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба. 

Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ибзианы иҿиалоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Ауаажәларратә проектқәа рзы иусбарҭа аиҳабы Сергеи Новиков.

«Агәра ганы сыҟоуп Урыстәылеи Аԥсни ҳаимадарақәеи зегьы еицаҳзыфеидоу аусеицуреи ҳажәларқәа рзы ишхәарҭахо", — ҳәа инаҵишьит иара, Март 8 иазкны Аҟәа имҩаԥысуа аныҳәатә концерт аан ахәаԥшцәа рҿаԥхьа дықәгыло.

Новиков ареспублика анхацәа иҳаҩсыз Ахада иалхрақәа рыдиныҳәалеит, Аԥсны иқәынхо аҳәса — иааиуа аныҳәа.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иажәақәа рыла, аԥснытәии урыстәылатәи артистцәа сценак аҿы реицықәгылара атәылақәа рыбжьара агуманитартә усеицура аҿиара шыҟоу дырҵабыргуеит.

«Урыстәылатәи артистцәа рконцертқәа, атеатралтә труппақәеи акәашаратә коллективқәеи Аԥсны рықәгыларақәа есымша аншлагқәа рыла ихыркәшахоит, сынтәагьы ахәаԥшцәа ргәы иаахәаша маҷымкәа ирзыԥшуп», - ҳәа иажәа иацҵо иазгәеиҭеит адипломат. 

Михаил Шургалин Урыстәылеи Аԥсни Жәларбжьаратәи аҳәса Рымшныҳәа есымша акыр аԥхарра аҵаны имҩаԥысуеит ҳәа инаҵшьны  иазгәеиҭеит:

«Ауаатәыҩса иреиӷьу рыхәҭа рыхӡыӡаара, урҭ рганахьала агәцаракреи абзиабареи раарԥшра – хымԥада ҳара зегьы ҳзы зегьы ирыцкуп» .

Аофициалтә хәҭа ашьҭахь еизаз рҿаԥхьа асценаҿы иқәгылеит артистцәа - агәыԥ «Руки Вверх!», Mia Boyka, Хаҭуна Ҭарба, Рамина Задеи, Аԥсны абыргцәа рансамбль «Нарҭаа», ашәаҳәаҩ,  аблогер Хабиб, Ҭемыр Ҭаниа, Гоча Ԥачлиа, Ильда Қәычбериа, амузыкант, ашәаҳәаҩ, акомплзитор Игорь Николаев, уҳәа убас егьырҭгьы.

Аконцерт асас ҷыда иаҳасабала ихы алаирхәит Асовет Еидгыла Афырхаҵа, ашәақәа равтор, рынагӡаҩ аб Киприан (Валери Бурков).

Ҩ-сааҭк инареиҳаны ахәыҷқәа инадыркны адуцәа рҟынӡа ахәаԥшцәа зегьы Ахақәиҭра ашҭаҿы бзиа еицырбо артистцәа ирыцшәаҳәон, ирыцкәашон.

Аконцерт еиҿкаахеит Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара «Аиааира ахатәгәаԥхарауаа». Убри аан адгылареи ацхыраареи ҟарҵеит Аԥсны акультура Аминистрреи Аҟәа ақалақь Ахадареи. 

 

 


Read 140 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.