Аекспозициа ашьақәыргылара азы атеатр иаҭахуп ахәаԥшцәа, Аԥсны ауааԥсыра, аҟәаа рыцхыраара.
Аибашьраан ааха ӷәӷәа аиуит атеатр ахыбра, архив зегьы ацәыӡит. Маҷк ада еиқәымхаӡеит адокументқәа, амаҭәарқәа, амаҭәахәқәа, аибашьра ашьҭахь раԥхьатәи ашықәсқәа рзы иҟаҵаз афотосахьақәа.
«Аҳәара ҟаҳҵоит Аҟәатәи ахәаԥшыҩ қәыԥш итеатр (ТЮЗ), Аԥсны Аурыс театр аҭаара аҟынтәи, мамзаргьы уаҟа аусура аҟынтәи џьара акы ззынхаз, мамзаргьы атеатр аусзуҩцәа ирызку џьара ак змоу –афотосахьақәа, апрограммкақәа, аномерокқәа, афишақәа, азгәаҭарақәа, акостиумқәа, агазеҭтә гәылԥҟаагақәа, ареквизитқәа, иҳаҩсхьоу аамҭа, аспектакльқәа, ауаа, актиорцәа, уҳәа ртәы угәалазыршәо зегьы атеатр ҳамҭас иарҭарц. Уи ҳара ҳзы, ҳахәаԥшцәа рзы акырӡа аанагоит, иҳамҭа духоит. Ари агәалашәара азхьаԥшра, уи аиҭашьақәыргылара мацара акәӡам, уи ҳтеатр 45 шықәса ирҭагӡо аԥсҭазаара аиԥмырҟьара, асахьаркыратә ашьҭрамдара аилкаара ауп», – ҳәа ааԥхьара ҟанаҵоит Аурыс драматә театр.
Амузеи афонд ахь алагала ҟазҵо зегьы алкаахоит ҳәа иазгәарҭоит Аурыс драматә театр аҿы.