Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат ахада Анас Кьышьмариа Апарламент аҿы 2024 шықәсазы имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟалҵеит.
Анас Кьышьмариа лажәақәа рыла, Аппарат аусура 2023 шықәсазы иҟаҵаз аҳасабырба аҿы иазԥхьагәаҭаз ихадоу абарҭ ахырхарҭақәа рыла имҩаԥысуан:
- Аинформациа-рккаратә усура;
- атәылауаа апсихиатриатә цхыраара рыҭара;
- Ахақәиҭра алхәдаара аҭыԥқәа рмониторинг амҩаԥгара;
- анаука-ԥышәатә усура.
Аинформациа-рккаратә хырхарҭала аусура анагӡараан аомбудсмен ареспублика араионқәа зегьы рҿы аиԥыларақәа мҩаԥылгеит. Урҭ рхы аладырхәит араионқәа рхадацәа, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәеи абикунреи ахылаԥшреи русбарҭақәеи рнапхгаҩцәа, араионқәа рактивқәа. Аиԥыларақәа рцикл хацырхеит лаҵарамза 2024 шықәса рзы Гагра араион Ахадара ала, аха заа еибырҳәахьаз аиԥылара ахь араион ахада дымнеиӡеит. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал араионқәа рҿы аиԥыларақәа еиҿкаан. Аиԥыларақәа рхықәкы хаданы иҟан араион анапхгаҩцәа аҭыԥ аҿы рабадырра, ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу иусура аилыркаара, араион азы актуалра злоу азҵаарақәеи ауснагӡатәқәеи рылацәажәара.
«Рыцҳарас иҟалас, 2024 шықәса лаҵарамза инаркны ԥхынҷкәынмзанӡа Гал араион ахада аиԥылара амҩаԥгаразы ус аамҭа изымԥшааӡакәа иаанхеит», - ҳәа иазгәалҭеит Анас Кьышьмариа.
Лара аусура аинформациа-рккаратә ацныҟәара аиӷьтәра азы араионқәа рхадарақәа рҿы ашьақәыргыларазы аинформациатә стендқәа еиқәыршәан ҳәа адырра ҟалҵеит.
Анас Кьышьмариа лажәақәа рыла, активла аусура иалҵшәаны, 2024 шықәсазы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу лыхьӡала инашьҭын 103 шәҟәыла еиқәыршәоу еиԥш ҿырҳәалатәии азыҳәамҭақәа.
«Аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат ахь инашьҭхеит иҳаҩсыз ашықәс азы аасҭа 39 рзаҳал рыла еиҳаны. Аппарат иадҵаалаз рҟынтәи 63-ҩык атәылауаа иашьашәалоу ҿырҳәалатәи аилыркаагақәа роуит, рызҵаарақәа рыӡбаразы иарбан усбарҭақәоу изыдҵаалаша азы аиуристтә консультациақәеи абжьгарақәеи рыҭан. 40 инарзынаԥшуа арзаҳалқәа шәҟәыла еиқәыршәаны иалаҵан, урҭ рахьынтә хԥа аколлективтә ҟазшьа змаз ракәын», - ҳәа адырра ҟалҵеит Анас Кьышьмариа.