«Ҳаҭыр зқәу Нона Иван-иԥҳа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит 100-шықәса шәхыҵра аиубилеи! Шәара – афырхаҵареи агәымшәареи аицамкреи агәамчи рсимволны шәыҟоуп. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан Шәара ҳәлагала, Шәара хацәнымырха шәыԥсадгьыл ахьчара наунагӡа ҳгәалашәараҿы иҟазаауеит. Ишәзеиӷьаҳшьоит шәҭаацәа, бзиа шәызбо, ҳаҭыр ду шәықәызҵо ауаа рыгәҭа ашықәснҵыра ду, агәабзиара, агәамч, агәалаҟазаара бзиа! Иреиӷьу азеиӷьашьарақәа ҟаҵо шәҿаԥхьа ҳхырхәоит!», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҿы.
19.Нанҳәа.2024
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Нона Дорофеева лиубилеи лыдырныҳәалеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи Аҟәа иҟоу «Москва Аҩни» ахаҭарнакцәа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Нона Дорофеева 100-шықәсатәи лиубилеи лыдырныҳәалеит!
Аветеран ашәҭқәеи аҳамҭақәеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада В.В.Путин ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәи ланаршьеит.
Урыстәыла Ахада иҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәы атекст аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: