АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:27

Дмитри Маршьан: Алхратә комиссиа Хада азинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны иалшо зегьы ҟанаҵоит.

Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, жәабранмза 24 рзы имҩаԥысит Алхратә комиссиа Хада аилатәара.  Уи анхыркәшаха ашьҭахь, Ахратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан ажурналистцәа рзы абрифинг мҩаԥигеит.

«Ԥшьымш аанхеит Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур амҩаԥгара амш аҟынӡа. Ҳара изныкымкәа акандидатцәа рыштабқәа, Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа, Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа рхаҭыԥуаҩрахь акандидатцәа  рахь алхратә закәанԥҵара аилагара шыҟамло азы ааԥхьара ҟаҵо ҳақәгылахьеит.  Ҳара уи азы Аҳәынҭқаррахь аканддидатцәа реиԥылара, реиҿцәажәара, рыбжьара аиқәшаҳаҭра абжьаҵара азы аԥшьгара ҟаҳҵеит. Агәра шәсыргоит Алхратә комиссиа Хада алахәылацәа зегьы рзинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылшо зегьы шыҟарҵо», – ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан.

Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы АКХ иамоу анапынҵақәа зегьы шынанагӡо, аха иҟоуп уи акомпетенциа иаҵанамкуагьы ҳәа иазгәеиҭеит.  

Административтә лшарақәа рхархәара, мамзаргьы алхыҩцәа аҵарҭыша рыҭара иадҳәалоу афактқәа рылаҳәара алыршахоит урҭ афактқәа Апрокуратура хада ишьақәыргыланы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ишьақәнарӷәӷәазар».

«Алхратә комиссиа Хада ас еиԥш иҟоу афактқәа рышьақәыргылара азин амаӡам, аилагарақәа ҟазҵаз акандидат ихьырхәра зылшо аусбарҭақәа ыҟоуп. Ҳара ҳакәзар, аганқәа алхратә закәанԥҵара иақәныҟәаларц азы ааԥхьара аҟаҵара ҳалшоит», - ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан.

Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы иара убас, алхратә ҭыԥ хадақәеи алхратә ҭыԥқәа ркомиссиақәа азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны аус шыруо, алхрақәа ииашаны, иаартны имҩаԥысырц азы ирылшо зегьы шыҟарҵо азгәеиҭеит. Иара урҭ русура азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Урҭ русура азы ҳара ҳахь ааԥхьарақәак ҟалар, ҳара жәаҳәарада зыԥшра ҟамҵаӡакәа урҭ азхьаԥшра аҳҭоит», – ҳәа иҳәеит Алхратә комиссиа Хада аиҳабы. 


Read 42 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.