Аихамҩатә станциа «Аҟәа» аплошьад аҿы аибшьра аамҭазтәи ашәақәа аҳәон, аккордион абжьы гон, иара убас аҭааҩцәа рзы афуршет еиҿкаан.
Аинтерактивтә музеи аҭааҩцәа ирыднагалоит аибашьраан иҟаз афырхаҵаратә хҭысқәа узырдыруа иуникалу аекспонатқәеи амультимедиатә инсталиациақәеи.
Атәыла анапхгара аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи рахь ааԥхьара ҟанаҵоит асовет жәлар Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан иаадырԥшыз афырхаҵара азы аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара иазырхоу ари апроект иаҭаарц.