АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:29

Амимоза апартиақәа руак аҿы калифорниатәи трипс ҳәа изышьҭоу ашәҭтә ҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷа-маҷа хкы рыԥшааит.

Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Експорт ҳасабла идәықәҵаз амимоза (араӡны лакациа) апартиақәа руак аԥсны-урыстәылатәи аҳәааҿы иааныркылеит. Урыстәыла акарантинтә маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, уаҟа ирыԥшааит калифорниатәи трипс ҳәа изышьҭоу ашәҭтә ҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷа-маҷа хкы. 

Адәныҟатәи акарантин аҟәша аиҳабы Руслан Смыр Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, амимоза апартиақхәа руак заанкылаз атәы дахцәажәеит.  

Руслан Смыр, иахьа Аԥсны Акарантинтә маҵзура ахь урыстәылатәи акарантинтә маҵзура аҟынтәи ашәҟәы ааит, уаҟа аиагара иазырхиаз амимоза апартиақәа руак  аҿы калифорниатәи трипс ҳәа изышьҭоу ашәҭтә ҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷа-маҷа хкы рыԥшааит ҳәа иазгәаҭан ҳәа иҳәеит.   

«Ҳара ҳзы ари иҿыцу аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкуп, уи аҭҵаара ҳалагоит. Аха амашьынақәа аҳәааҿы игылаӡам. Уаҟа ҳара иҳамоу аинформациа ала, иааныркылеит зыкапан 25 кьыла рҟынӡа инаӡоз анапылеидарала иргоз аидара. Ҳара ари ажәабжь атәыла анапхгара аҟынӡа инаҳгеит», ҳәа иҳәеит иара.

Руслан Смыр иажәақәа рыла, трипс ҳәа изышьҭоу ахәаҷа-маҷақәа аҵиаақәа аԥхасҭа рырҭоит, ирылоу ацәаакыра алырцәаауеит, абыӷьқәеи ашәҭқәеи ӷәӷәала ааха рырҭоит.  Арҭ аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷақәа  рықәгара азы амониторинг мҩаԥыргоит, иара убас урҭ рхыԥхьаӡара зырмҷуа ахимиатә маҭәашьарқәа рыла аӡиаақәа аус рыдырулоит.  

«Иарбоу ахәаҷа-маҷа ахкы Урыстәыла ирдыруеит 1980 шықәса рахыс, аиҳарак уи арԥхаратә нхамҩақәа рҿы аларҵәара аиуоит, уи аҿагылара ауснагӡатәқәа ибзианы ишьақәыргылоуп», – ҳәа иҳәеит иара.  

Руслан иажәақәа рыла, Аԥсны иҟоуп хыԥхьаӡара рацәала иарбоу ахәаҷа-маҷа ахкқәа рацәаны. Уи адагьы, мраҭашәаратәи акалифорниатәи ашәҭтә трипс ҳәа изышьҭоу ахәаҷа-маҷақәа ахкқәа рцәаны иамолуп.

«Макьаназы инҭканы аҳәара цәгьоуп, ирыԥшааз аекземплиар хкыс изҵанакуа. Шықәсык  иалагӡаны амониторинг азы акыгақәа шьақәыргылахоит, алаборантцәа ари азҵаара аҭҵаара иацырҵоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны иахьа уажәраанӡа мраҭашәаратәи акалифориатәи ашәҭтә трипс ҳәа изышьҭоу ахәаҷа-маҷа иҟаӡам ҳәа иԥхьаӡан.

Акарантинтә маҵзура аиҳабы Омар Ҵәыџьба ас еиԥш иҟоу ахьшәашәарақәа раан атрипс ҳәа изышьҭоу ахәаҷа  аҟазаара даара иааџьоушьаратәы иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Иахьатәи амш азы адәахьы аҳауа аԥхарра ноль градус аҟынӡа илаҟәеит, минус аҟынӡа ианынаӡогьы ҟалалоит. Ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раан триԥс аԥшаара залмыршахар ҟалап. Уаҵәы инаркны алабораториақәа рҿы деталла уи аҭҵаара ҳалагоит», - ҳәа иҳәеит Омар Ҵәыџьба.

Ԥхынҷкәынмза 6, 2024 шықәса рзы урыстәылатәи акарантинтә маҵзура акалифорниатә трипс Аԥснынтәи Урыстәылаҟа експорт ҳасабла зыиагара иаҿыз ацитрусттә шәырқәа рпартиақәа руак аҿы ирбеит.

 

 

 

 

 


Read 46 times - Ашәахьа, 24 Жәабран 2025 21:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.