АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:38

Аҟәатәи аспортсменцәа Гориачи Клиуч имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи акоманда жәабранмза 23 2025 шықәса рзы Гориачи Клиуч имҩаԥысыз зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра Иаарту аԥхьахәгара аҿы аԥхьахәтә ҭыԥқа ааннакылеит.  Ари аусмҩаԥгатә Аԥсадгьыл Ахьчаҩ Имш иадҳәалахеит.

Аицлабрақәа рхы аладырхәит еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи 150 инареиҳаны аспортсменцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика, Шәача, Генленџьыкь, Анапа, Даӷьсҭантәи Ареспублика, Краснодартәи атәылаҿацә, Темриук, Аԥсны ахаҭарнакцәа.  

Аҟәа ақалақь ахьӡала иқәгылон аҳҭнықалақь Ахадара Аҿари аспорти русқәа рзы Аилак зхы иақәиҭу аиқәԥаразы асекциа ааӡамҭацәа. Урҭ хә-џьазтә медалки ахьтәы медалки ргеит.

Араӡны медалқәа ргеит: зыкапантә категориа 38 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара Абазг Феҭ-оглы, зыкапантә категориа  41 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара Кецба Қьиамал, зыкапантә категориа  44 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара Аџьиев Дамир, зыкапантә категориа 30 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара Самир Темур-оглы, зыкапантә категориа 28 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара Лаша Чхебелиа.

Зыкапантә категориа 30 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара  аџьазтә медал ианашьахеит Таир Кархалаа.

Аспортсменцәа  азыҟарҵоит И. Бераиа, М. Ҳашба,  А. Кецба. 

 


Read 38 times - Ашәахьа, 24 Жәабран 2025 20:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.