АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жәабран.2025

Адгәыр Арӡынба: апланркра 15-20 шықәса ирҭагӡахароуп.

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат Адгәыр Арӡынбеи Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат ихаҭыԥуаҩрахь акандидат Алхас Џьынџьали рыпресс-конференциа мҩаԥысит ахаша, жәабранмза 19 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы.  

Аԥсны атәылауаа зегьы доусы рлахьынҵа аӡбара азы азин рымоуп.

Адгәыр Арӡынба ишазгәеиҭаз ала, уажәы имҩаԥысуа алхраԥхьатәи акампаниа – «Аԥсны аҭоурых аҿы зегьы раасҭа иҟьашьу» ҳәа иаанхоит. Уи игәаанагарала, аетникатә гәыԥқәак акандидатцәа руаӡәк идгылаҩцәа рҟынтәи ипрецедентдоу ақәыӷәӷәара роуит.  Иара убас иара икоманда Ҭырқәтәыла иазырхоушәа аинформациа ацәырҵра иалагеит.

«Уи зегьы мцуп, ипровакациоп. Ҳара иаадыруеит ас еиԥш иҟоу адезинформациа гәҭакыла аларҵәара шамаз, ақыҭақәагьы уахь иналаҵаны», – ҳәа иҳәеит иара.

Адгәыр Арӡынба атәылауаа рықәыӷәӷәара иалкаау аеффект аиуит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара иаҳҭахӡам милаҭрацәала еилоу ҳажәлар етникатә ҟазшьа ала реихшара ҟаларц, иаҳҭахӡам џьукы-џьоукы рхатә политикатә хықәкқәа рынагӡаразы урҭ рхы иадырхәаларц. Уи аҩыза ҟалашьа амам!», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат.

Уи иажәақәа рыла, ас еиԥш ақәыӷәӷәара ахҟьаԥҟьақәа излауа ала армаҷреи аҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи рзы, акандидат иштаб ахаҭарнакцәа аерман милаҭ иатәу Аԥсны атәылауаа ахьынхо аҭыԥқәа рахь инеины ауааԥсыра ирыҿцәажәоит, иреилдыркаауеит урҭ имцырку аинформациа рыларҵәарала ишдырҩашьаз, шьаԥҿаршә шырзыруз.

«Рыцҳарас иҟалаз, Аԥснытәи аерманцәа Рхеилк ахада Алик Миносиан уажәы Аԥсны дыҟаӡам, иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәаразы уи иԥылара рҭахын аветеранцәагьы, аиҳабацәа рабиԥара иаҵанакуа ауаагьы, аха уи макьаназы изалмыршахеит», – ҳәа иажәа иацҵо иҳәеит иара.

Адгәыр Арӡынба игәаанагарала, адезинформациа ахархәарала ауаа ргәаанагара аманипулиациа азура азы аҽазышәарақәа зегьы иахәҭоу азинтә хәшьара аиуроуп, иазбан акәзар уи иаанаго ишиашоу алхратә процесс аҽалагалара ауп.

Аконкуренциа зыбжьалаша апрограммақәа роуп.

Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат игәаанагарала, алхыҩцәа конкретла апрограммақәа апунктқәа реиҿырԥшра азы алшара рымазарц даараӡа акыр аанагоит, аха уи аҩыза ыҟаӡам иахьа. Иахьа уажәраанӡа аӡәгьы издырӡом Бадра Гәынба алхрақәа рахь дызлацо апрограмма атәы ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

«Ҳара мацара аҳаирплан аԥышәатә реис шыҟалаз атәы аума, ирласу амедицинатә цхыраара амашьынақәа ҳамҭас      Аԥсны аҭара атәы аума, автобусқәа ақыҭашколқәа рзы раашьҭара аума, арҵаҩцәа руалафахәы 45 000 мааҭ рҟынӡа ашьҭыхра шазԥхьагәаҭоу, аха убри аан уи азы афинанстә хыҵхырҭас иҟоу мацара Урыстәыла анапхгара ахь аҳәара аҟаҵара шаку налкааны азы аума, меигӡарах иҟоу ажәабжь ҿыцқәа рыда, иахьа ужәраанӡа Бадра Гәынба ипрограмма аҟынтәи, акызаҵәык иадымзаргьы тезиск ҳара уаҳа иаҳмаҳаӡеит», - ҳәа иҳәеит иара.

Адгәыр Арӡынба агәра ганы дыҟоуп ас еиԥш иконкрету ауснагӡатәқәа рыплан аҟамзаара,  Бадра Гунба иацҵаны зынагӡара иҽазишәо Аслан Бжьаниа инапхгараҭара аамҭа иазҷыдаҟазшьаны ишыҟоу.   

«Амифтә инвесторцәа мацара рықәгәыӷра қәҿиара амоуӡеит. Астатистика адыррақәа рыла, хәы-шықәса рыла аусуратә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара ҩ-нызықь рыла еиҵахеит, убри аҟараҵәҟьа иагхеит ауааԥсыра рхыԥхьаӡарагьы», – ҳәа иазгәеиҭеит иара, ҿырԥштәысгьы иааигеит «Чиорнаиа речка» аҳабла аҿы иҟоу акалмаҳаааӡарҭатә нхамҩа аҿы зеффективра маҷу аусура.

«Алхраԥхьатә кампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара ари анаплакы ҳаҭааит. Уаҟа зегьы ажәырҭра иаганы иҟоуп, аԥсыӡ ыҟам, анхамҩа гәыгәҭажьуп.  Ҳара ас еиԥш иҟоу аинвестициатә модель ҳаҿагылоит», – ҳәа иажәа иацҵо иазгәеиҭеит Адгәыр Арӡынба.

Уи игәаанагарала, атәыла афымцамч ала аиқәыршәара азы мҩас иалхтәу еилкаатәуп, аусуратә ҭыԥқәа реизырҳара азы ауснагӡатәқәа азԥхьагәаҭатәуп, аобиективтә мзызқәа ирхырҟьаны егьырҭ арегионқәа рыҵахара ахьыҟоу Мрагыларатә Аԥсны аҿы аекономика ашьҭахра аметодқәа алкаатәуп.

«Ҳара ҳкоманда арҭ азҵаарақәа зегьы рыла конкретла ажәалагалақәа амоуп, аха аидеиақәа рконкуренциа амыцхәрас ауаажәларра амци апровакациеи рыла ишьаҭарку даҽа амшхәаштә рыдыргалоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Адгәыр Арӡынба агәыӷра имоуп, алхрақәа аҩбатәи атур ҟалаанӡа ареспублика акризис алҵра азы иреалу ашьаҿақәа рылацәажәаразы ишиашоу ицо аефир аҿы ҩыџьа акандидатцәа рыбжьара адебтқәа ҟалап ҳәа.

Абар шьҭа 2004 шықәса раахыс иҟоу ажәлар рҽеиҩшара хымԥада ирҽеитәуп

Адгәыр Арӡынба Урыстәыла амассатә информациа ахархәагақәа рӷьырак рпозициа ишьақәырӷәӷәам адыррақәа рыла ишьаҭаркуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Ҿырԥштәыс иаагозар, Аԥсны урыстәылаҿагыларатә гәҭакқәа рыҟазаара иазкны. Иара игәаанагарала, акырӡа аҵанакуеит Бадра Гәынба, иара Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар зегьы рхадас аҟалара игәы иҭазар, ас еиԥш агәҭакқәа ареспубликаҿы иҟаӡам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵарц.  Иара убас, иара хымԥада ахәшьара аиҭароуп амузыкат қәыԥш Барас Кәыџба Урыстәылаҟа ацара азы ақәиҭымзаара изалырхыз азы, иара убасҵәҟьа ареспублика атәылауаа гәыԥҩык урыстәылатәи атәылауаҩра рымхра азы иаартны игәаанагара иҳәароуп.

«Рыцҳарас иҟалаз, макьаназы ҳара уи аҩыза ҳмаҳаӡеит, аха ҳгәыӷуеит иара иахәҭоу азхьаԥшра аиҭап ҳәа арҭ азҵаарақәа. Ҳара, иҿыцу абиԥара иатәу  аполитикцхәа раҳасабала, абар шьҭа 2004 шықәса раахыс иҟоу ажәлар рҽеиҩшара хымԥада иҳарҽеироуп. Мап анакәха, апол итикатә еиҿагылара иацҵахоит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Хәажәкырамза 1 азы аԥсҭазаара нҵәаӡом.

Адгәыр Арӡынба иаппонент икоманда «Ишакәхалакгьы аиааира агара ахықәкы анагӡара» алозунг ала аус ауеит, аха хәажәкырамза  1 азы аԥсҭазаара нҵәаӡом, уи моу уи, ҿыц иалагоит ҳәа иԥхьаӡоит.

«Алхрақәа рыкәша-мыкәа иҟам-ианым ашәарҭарақәа рыла ишьаҭарку аистериеи акандидатцәа руак массала адгылара иҭареи абжьыҭара ашьҭахь мышқәак ааҵыр инҵәоит. Ҳара «ҩ-шәахьак ирҭагӡоу», алхрақәа рымҩаԥгара мацара  иазырхоу акәымкәа, 15-20 шықәса ирҭагӡоу апланркра ҳамазароуп.  Ишакәхалакгьы аиааира агара хықәкыс измоу амчра ауаажәларра рҿы закәанрас иаиуозеи? Атактикатә хыдҵақәа ракәымкәа астратегиатә зҵаарақәа рыӡбаразы ауаажәларра амилаҭтә идеиа, аиашара, аҵабыргра ахьӡала еидкылатәуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

 

 

 


Read 16 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.