АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Жәабран.2025

Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа Адгәыр Арӡынбеи Бадра Гәынбеи реиԥылара мҩаԥысуеит жәабранмза 21 рзы.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат Бадра Гәынба ахәылбыҽха, жәабранмза 20 рзы Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат Адгәыр Арӡынба иштаб ахаҭарнакцәа рԥылара шымҩаԥысыз атәы далацәажәеит.  Уи рхы аладырхәит Адгәыр Арӡынба иштаб аҟынтәи Ҭемыр Гәлиа, Қамас Аиба, Вианор Ашба, Аҳәынҭқарра ахадарахь акандилат Бадра Гәынбеи Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат ихаҭыԥуаҩрыхь акандидат Беслан Бигәааи Бадра Гәынба ареспубликатә иалхратә штаб анапхгаҩы Алеқсандр Анқәаби.

Бадра Гәынба Адгәыр Арӡынба иштаб жәабранмза 21 азы акандидатцәа реиԥылара аиҿкааразы аԥшьгара дақәшаҳаҭхеит.

«Ҳара аиԥылара амҩаԥгаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Уаҵәы сара сиԥылоит Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат Адгәыр Арӡынба. Ҳара ари аиԥылара ахь ҳцоит абри аҭагылазаашьақәа зныԥшуа аиқәшаҳаҭра ҳаманы.

Актәи  –  Аԥсны ажәлар роуп абжьыҭира алҵшәақәа аӡбамҭа здызкыло;

Аҩбатәи – аҩ-ганк рҟынтәи аштабқәа ҳтәыла атәылауаа џьара акала рықәыӷәӷәара алнамыршыроуп.

Ахԥатәи – абҵарамзазтәи аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара ҟалаӡом, алхрақәа рхыркәшара аҟынӡа изеиԥшразаалак акадртә еиҭакрақәа рзы аԥшьгарақәа ҟамлароуп.

Абарҭ апунктқәа рыла ҳара ари аиԥылара ахь ҳцоит. Уаҳа даҽа ҭакԥхықәрақәеи ақәыргәыӷрқәеи ҳганахьала иҟаӡамызт. Ҳара ҳтәылауаа ринтерессқәа рыхьӡара ҳхы мҩаԥаагоит ари аиԥылара аҿы», - ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Ихәҭакахьала, Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат ихаҭыԥуаҩрахь акандидат Беслан Бигәаа иҳәеит: «Аганқәа ахьеиқәшаҳаҭҳаз зегьы реиҳа ихадоу зҵаараны иҟоуп аҩбатәи атур аихшьаалақәа аҩ-ганк ишазхарҵо азы».  

Уи иажәақәа рыла, уи ихадоу азҵаарақәа иреиуан.

«Уаҵәы Бадра Зураб-иԥа диԥылоит Адгәыр Арӡынба. Аиԥылара ахь иара дцоит аиқәшаҳаҭра иманы. Уи аиқәшаҳаҭра анышьақәырӷәӷәахо ашьҭахь  ҳара ҳусура иацаҳҵоит. Сара агәра ганы сыҟоуп, ҳара арҭ алхрақәа иахәҭоу аҩаӡараҿы ишымҩаԥааго, иахәҭоу, зегьы ҳаззыԥшу алҵшәақәагьы шааҳарԥшуа. Ажәлар рхала ԥхьаҟатәи рԥеиԥш алырхуеит, иааиуа хәы-шықәса рыҩныҵҟа урҭ рнапхгаҩгьы далырхуеит. Ҳара акулуартә ҭагылазаашьақәа раан аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаҳҵаӡом», - ҳәа иҳәеит Беслан Бигәаа.


Read 10 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.