АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Жәабран.2025

Апарламенттә Еилакы аҿы атәыла аҿы ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатәи акриминагенттәи аҭагылазаашьа иалацәажәеит.

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит ахаша, жәабранмза 19 рзы.

Адепутатцәа рнаҩс аилатәара иара убас рхы аладырхәит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Роберт Киут, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Руслан Ажьиба, апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа.  

Аилатәара амҩаԥгара Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур аламҭалазы ареспублика аҿы ишьақәгыло иуадаҩу ауаажәларра-политикатәии акриминогенттәи аҭагылазаашьа инамаданы атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы иҟанаҵаз аԥшьгарала имҩаԥысит.

Аилатәара иалахәыз атәыла аҿы изаамҭанытәиу аҭагылазаашьа, иара убас амчратә структурақәа иҟалар зылшо апровакациақәа рыԥхьырҟцҟәҟәаара азы разхиара ахьынӡазалыршоу иалацәажәеит. Иалацәажәеит иара убас Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Вахтанг Голанӡиа ишьреи адепутат Кан Кәарҷиеи ишьразы аҽазышәареи, ԥхынҷкәынмза  7, 2024 шықәса рзы гагратәи аресторан аҿы иҟалаз аиҿахысра, уҳәа егьырҭ аинцидентқәа рыла  аусаилыргарақәа шымҩаԥысуа атәы.

 

 


Read 5 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.