Аҟәа. Жәабранмза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсменцәа Черқьесск ақалақь аҿы имҩаԥысуаз зхы иақәиҭу аиқәԥаразы арегионбжьаратәи атурнир «Аиааиразы агәазыҳәара» аҿы актәи амш азы аԥхьахәтә ҭыԥқәа жәба ааныркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилкы.
Рамин Арсҭаа (35 кь), Абазг Феҭ-оглы (38 кь), Сандро Жьиба (48 кь), Богдан Ӡиӡариа (52 кь) актәи аҭыԥқәа ааныркылеит, Осман Ҳагба (38 кь), Нестор Арлан (52 кь), Дамеи Кархалаа (48 кь) аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит, Владик Ладариа (41 кь), Данаҭ Жьиба (62 кь) ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит.
Еицлабуан 2008-2009 шш., иара убас 2010-2011шш. рзы ииз арԥарцәа.
Аспортсменцәа азыҟарҵоит Игорь Бераиа, Мераб Ҳашба, Размик Алабиан, Анри Кетиа, Анрии Асҭамыри Арсҭаа.
Иахьа иқәгылараны иҟоуп аиҵбыратә гәыԥ иаҵанакуа, 2013-2014 шш., 2015-2016 шш. рзы ииз арԥарцәа.