АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 6:07

Аԥсуа театр ахәыҷқәа рыдкылара ишалаго азы адырра аланарҵәеит.

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа  драматә театр ахәыҷтәы студиа ахь ахәыҷқәа рыдкылара ишалаго азы адырра аланарҵәеит.  Ирыдыркылоит 6 шықәса инаркны 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа. Адкылара мҩаԥыслоит хәажәкырамза 10 аҟынӡа.

Агәыԥ ахь адкыларатә ԥышәарақәа рыда агәазыҳәара змоу зегьы рыдыркылоит. Атеатр адиректор инапынҵақәа назыгӡо Хьыбла Мықәба лгәаанагарала, ахәаԥшрақәа раан обиективла ахәыҷы илшарақәа, илоу аҟыбаҩ атәы аилкаара уадаҩуп, избан акәзар, ахәыҷқәа реиҳараҩык руалуашара риаиуеит.  

Арҵара ихадоу х-хырхарҭак рыла имҩаԥысуеит.

Актиортә ҟазара рылҭалоит Мадина Аргәын – аԥсуа театр арежиссиор, асценаҿы ацәажәаратә бызшәа – актиор Адгәыр Џьениа, асценаҿы ахымҩаԥгашьа – Ерик Ҭырқьба. Аҵаҩцәа атеатр аҭоурых азы адыррақәа роуеит, иазԥхьагәаҭоуп аҟазара-классқәа рымҩаԥгарагьы.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыслоит атеатр аҩныҵҟа мчыбжьык рахь ҩынтә, аԥсшьамшқәа инақәыршәаны. Аҵара аамҭа – шықәсык аҟынӡа инаӡоит. Апотокқәа зегьы нхыркәшахо аҳасабырбатә қәгылара мҩаԥыслоит. Иара убас иазԥхьагәаҭоуп ахәыҷқәа аԥсуа театр аспектакльқәа рҿы рылахәхара.

«Ҳара ақәгыларақәа раан ахәыҷқәа ҳҭахуп. Ҳара иҳамаӡам актиор қәыԥшцәа. Аамҭақәак раԥхьа атеатралтә ҟазара аҵаразы Урыстәылаҟа агәыԥ дықәҵан, аха урҭ рахьынтәи  аӡәык-ҩыџьак роуп атеатр аҿы аус зуа иахьа.  Ҳара аусура ҭакԥхықәрала иазнеиуа, зус бзиа избало, аҟыбаҩ злоу ауаа ҳрышьҭоуп», – ҳәа илҳәоит  Хьыбла Мықәба.

Атеатр аколлектив аҽарҭбаауеит. Ааигәа уи дахыԥхьаӡалахеит Михаил Ҵкәуа, иара ҩ-спектакльк ихы рылаирхәуа далагахьеит.   Иҿыцу аусзуҩцәа ыҟоуп иара убас агримҟаҵаратәии акостиумқәа рыӡахратә цехи рҿы. Атеатр аҿы аусура иалагеит акаҳуажәырҭа.

Иахьа ахшыҩзышьҭра ду аҭахоит атеатр аимиџь, атеатр асоциалтә ҳақәа рҿы аӡыргарагьы уахь иналаҵаны.

94-тәи атеатралтә сезон, Хьыбла Мықәба лажәақәа рыла, аспектакль ҿыцқәа аанарԥшуеит.

Жәабранмзазы Карло Гольдони ипиеса «Мирандолина» ала Алхас Шамба иқәиргылаз аспектакль аԥхьарбара мҩаԥгахоит.  Дырмит Гәлиа ироман «Камаҷыҷ» ала аспектакль аус адулара мҩаԥысуеит. Аспектакль арежиссиор-ақәыргылаҩыс дамоуп Мадина Аргәын. Егьырҭ аԥхьарбарақәагьы азԥхьагәаҭоуп. Атеатр аҿы 95-тәи аиубилеитә театралтә сезон алацәажәара иалагахьеит.

 

 

 


Read 156 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.