АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 22:14

Адгәыр Арӡынбеи Бадра Гәынбеи ԥсыцқьарыла, иаартны алхратә кампаниа амҩаԥгара ишацхраауа ала аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Алхратә кампаниа ԥсыцқьарыла, иаартны амҩаԥгара алыршара, адемократиатә принципқәа рықәныҟәара, амилаҭтә интересқәа рыхьчара азы, Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш зыдҳәалоу аӡбамҭа здызкылаша ажәлар мацара шраку еилкааны,  Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа Адгәыр Арӡынбеи Бадра Гәынбеи   жәабранмза 21 рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Аиқәшаҳаҭра атекст иаҳәоит:

«Ҳара, ҵаҟа знапы аҵазҩыз Ареспублика Аԥсны ахадарахь акандидатцәа, алхратә кампаниа ԥсыцқьарыла, иаартны амҩаԥгара алыршара, адемократиатә принципқәа рықәныҟәара, амилаҭтә интересқәа рыхьчара азы, Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш зыдҳәалоу аӡбамҭа здызкылаша ажәлар мацара шраку, Аԥсны жәлар ргәаанагара зегьы ишрыцку еилаҳкаауеит.

Ҳара абри аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵоит аҭакԥхықәрагьы ҳхахьы иаагоит абарҭ аҭагылазаашьақәа рынагӡаразы: Ҳара Аԥсны ҳапатриотцәоуп, ажәлар рзы абзиара ҟаларц ҳҭахуп, уи ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоуп, еиԥшымзаарас иҳамоу мацара уи ахықәкы анагӡаразы мҩас иалхтәу азы ҳгәаанагар заҵәык ауп. Даҽазныкгьы иазгәҳҭоит, Аԥсны жәлар роуп уаҵәтәи рԥеиԥш ахь амҩа алызхуа.

Ҳара инаҵшьны иазгәаҳҭоит, аԥсуа уаажәларра рҿы Аԥсны асуверенитети Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара азинеиҟарареи аидгылареи рҟазшьа змоу аизыҟазаашьақәа аринахысгьы рырӷәӷәара аганахьала ишьақәгылаз ԥсахра зқәым аконсенсус шыҟоу, Аҳәынҭқарра Ахадарахь иқәгылоу акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы изеиԥшразаалак ахԥатәи амчрақәа рхаҭарнакыс, мамзаргьы адгалыҩыс дшыҟам.

Ҳара ҭакԥхықәрала иазгәаҳҭоит алхратә процесс зегьы   иалагӡаны апиар еиқәаҵәа ҳәа изышьҭоу ахархәара, хра злам аӡырга, ахәымгара, аопонентцәа излаҟам ала рыхцәажәара ҳшаҿагылало, доусы ҳалхратә кампаниа аконкуренциа иаша, апрограммақәеи аидеиақәеи рыла мацара ишышьақәҳаргыло. 

Ҳара милаҭрацәала еилоу Аԥсны жәлар рыбжьара амилаҭтә цәымӷра зырҿио аҳәамҭақәа, иара убас аиҿагылара зхылҿиаар алшо ажәақәеи аусқәеи ӷәӷәала ҳарҿагылоит.

Ҳара Аԥсны алхратә кампаниа амҩаԥысшьа атәы аазырԥшуа аҭыԥантәи аеиԥш анҭыҵтәи амассатә информациа ахархәагақәеи ажурналистцәеи зегьы рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит. Изеиԥшразаалак ҵаҵӷәы аҟам аԥснытәи ауаажәларратәии аполитикатәи аусзуҩцәа, уимоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа ахәшьара рыҭареи, иара убри ала  аҭагылазаашьа  арбыжкреи иҟам-ианым аларҵәареи рзы. Ас еиԥш иҟоу ариторика анегативтә хҟьаԥҟьақәа амоуп, уи атәыла аҩныҵҟа аҭагылазаашьа ашьақәҟьара, аибарххара ахь игылнагар алшоит.  Аԥсны Ахада иалхра – ари азҵаара зыӡбо аԥсуа  жәлар роуп.

Ҳара алхрақәа рылҵшәақәа ҳадаҳкылоит урҭ Аԥсны азакәанԥҵара, жәларбжьаратәи астандартқәеи аиашареи аҵабыргреи рыпринципқәа инақәыршәаны, иара убас урҭ рзакәанра аобиективла ашьақәырӷәӷәеи алыршаны ианыҟала.

Ҳара ҭакԥхықәрала иазгәаҳҭоит атәыла аҿы алхратә процесс амҩаԥысраан еиԥш уи анхыркәшахлак, Алхратә комиссиа Хада аҿы аихшьаалақәа аныҟарҵалак  ашьҭахьгьы, мчымхарылатәи ауснагӡатәқәа, амассатә еилаҩынрақәеи атәыла аҩныҵҟа аҭагылазаашьа аиԥҟьареи аибарххареи рзы ааԥхьарақәа рыҟаҵара шалҳмыршо.

Ҳара Аԥсны жәлар зегьи ҳадгылаҩцәеи рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит апровакациақәа рыҽрыларымгаларц, амилаҭбжьаратә цәымӷра зырҿио уахь иналаҵаны.

Ҳара ҭакԥхықәрала иазгәаҳҭоит  алхратә кампаниа амҩаԥгараан аполитикатә хықәкқәа рынагӡаразы административтә ресурс ҳхы ишаҳмырхәо, аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәагьы уахь иналаҵаны, ишьақәҳарӷәӷәоит абҵарамза  19, 2024 шықәса рзы анапхгареи аоппозициеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра ҳшадгыло, уи хәажәкырамза 2, 2025 шықәсанӡа азинмчы шамазаауа. 

Абри аиқәшаҳаҭра азинмы аиуоит уи анапаҵыҩра анымҩаԥгахалак ашьҭахь. Аиқәшаҳаҭра азинмы амазаауеит алхратә процесс хыркәшахаанӡа, аихшьаалақәа рылаҳәара иашьҭанеиуа апериодгьы уахь иналаҵаны».

Аиқәшаҳаҭра сааҭ рацәа рыҩныҵҟа наҟ-ааҟ ҩыџьа, Аԥсны ахадарахь акандидатцәа Арӡынба Адгәыри Бадра Гәынбеи реиҿцәажәара иалҵшәаны иҟалеит. 

 

 

 

 


Read 53 times - Асабша, 22 Жәабран 2025 14:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.