Адгәыр Арӡынба: «Ҳара ҳтәылаҿы аполитикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи алхратә процесс ишахәҭоу ала амҩаԥгареи, аиҿагыларақәеи аибарххарақәеи рыцәцара алнаршап ҳәа иԥхьаӡаны аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳҩит. Ҳара ҳзы зегьы реиҳа ихадоу – аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәырхара ауп. Аԥсуа жәлар рыӡбамҭа ауп иахьа ҳхықәкы хаданы иҟоу, ҳара иаҳҭахуп алхрақәа рымҩаԥгара акагьы аԥырхагамхарц Иарбоу аиқәшаҳаҭра аҿы ҳара иаҳарбеит ҳгәаанагарала иахьа амшхәаԥштә зҵаараны иқәыгылоу зегьы».
Бадра Гәынба: «Ҳара иахьа ҳаиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны даҽазныкгьы ҳрылацәажәеит алхратә кампаниа амҩаԥысра аамҭа зегьы иалагӡаны ҳауаажәлар зыргәамҵуа азҵаарақәа. Жәаҳәарада, зегьы ирыцку – Аԥсны жәлар рхала, Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур аихшьаалақәа рыла ԥхьаҟатәи рԥеиԥш ахь амҩа алырхыроуп. Уи аганахьала ҳара ҳҩыџьагьы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара, аштабқәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа реиӷьтәра ҳадгылоит. Сара агәра ганы сыҟоуп, иахьатәи ҳҽазышәарақәа ҳтәылауаа аҭынчреи ашәарҭадареи шырзаанаго.
Сара, исымоу алшара схы иархәаны, исҳәар сҭахуп, аиашазы, имариам алхратә кампаниа шымҩаԥысуа, аха ҳара ҳџьынџьуаа иҭабуп ҳәа раҳҳәароуп, урҭ рыбжьы зырҭалазаалакгьы. Дара зегьы ртәылауаҩратә позициа аадырԥшит, дарбанызаалак ибжьы раҳароуп.
Иҟоу аҭагылазаашьа схы иархәаны, сара убасҵәҟьа иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп алхраԥхьатәи акампаниа иалахәыз зегьы. Шәара ижәдыруеит, актәи атур аҿы алхрақәа реихшьаалақәа рыла х-ҩык ҳколлегацәа аҩбатәи атур ахь ишзымнеиз. Агәра ганы сыҟоуп, ари алхраԥхьатәи акампаниа иалахәыз зегьы – ртәыла иапатритцәаны ишыҟоу, Аԥсны ишапатриотцәоу, ҳтәылауаа рыԥсҭазаашьа аиӷьтәра гәыҵхас ишрымоу».
Адгәыр Арӡынбеи Бадра Гәынбеи рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра ихадароу аҭагылазаашьақәа тезисла иалыркааит.
Адгәыр Арӡынба: «Ҳара зегьы Аԥсны атәылауаа ҳауп, Аԥсны жәлар ринтерессқәа рыхьчара ҳадгылоит. Ииашоуп, арҭ ахықәкқәа рынагӡаразы ҳгәаанагара хазуп, аха ҳәарада инаҵшьны иаҳҳәар ауеит Аԥсны иҟаӡам изеиԥшразаалак ҭырқәтәыла ахь зхы хоу роума, мрагыларахь иадызцәыло роума, мамзаргыьы даҽаџьара иԥшуа, изеиԥшразаалак ахԥатәи амчрақәа рхаҭарнакыс, мамзаргьы адгалыҩыс иҟоу акандидатцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи. Уи Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи, алхратә процесс зхы алазырхәаз егьырҭ акандидатцәеи уахь иаҵанакуеит. Абригьы арбоуп абри зыӡбахә ҳамоу аиқәшаҳаҭра аҿы».
Бадра Гәынба: «Зегьы ирыцку, даҽазныкгьы исҳәоит, акандидатцәа зегьы – зыуаажәлари зыԥсадгьыли гәыцхас измоу, ҳтәылауаа рыԥсҭазаашьа аиӷьтәра иашьҭоу, ҳауаажәларра рҿы еицырдыруа уаауп. Ҳара ҳауаажәлар ҭынч абжьыҭаразы алшара роурц, аӡәгьы иганахьала изеиԥшразаалак қәыӷәӷәара ҟамларц азы ҳаԥхьаҟа хырҳагара злоу аусура ҳазхиоуп. Убри ауп зегьы раасҭа ихадоу иахьа».