«Ацәыргақәҵа асимоликатә ҵакы змоу ахьӡ амоуп – Ҩ-ҟәарак. Аԥсни Ҟрыми рсахьаҭыәыҩцәа рдиалог. Араҟа ицәыргақәҵоуп зхы аазырԥшхьоу, зҽалызкаахьоу асахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа. Аҩганк алархәны ацәыргқәҵақәа реиҿкаара Аԥсни Ҟрыми ркультура Аминистррақәа русеицура ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп. Ҳара аринахысгьы асахьаҭыхыҩ ҿарацәа адгылара раҳҭалоит», – ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәылатәи Севастополь аҟазара агалереиа аҵарауаҩ амаӡаныҟәгаҩ Викториа Данилиук иахьа лара зхаҭарнакра луа агалереиа 2019 шықәсазы Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада Владимир Путин Иусԥҟа ала иаԥҵаз иҿыцу афедералтә музеи ауп ҳәа иазгәалҭеит.
«Сынтәа Севастополь иаатраны иҟоуп Аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә галереиа. Ҳара агәыӷра ҳамоуп, хара имгакәа ашәқәа шаанартуа Аԥсны Амилаҭтә галереиагьы. Убри аҟнытә ҳара синхронла аусмҩаԥгатәқәа рцикл аиҿкаара ҳаӡбеит. Урҭ рахьынтә ихадоу усмҩаԥгатәны иҟалоит иахьа ҳара зеиқәыршәара ҳаҿу амузеибжьаратәи апроект ду», – ҳәа илҳәеит Викториа Данилиук. Ацәыргақәҵа аус аулоит хәажәкырамза 30 аҟынӡа.