Гәыли Кьычба ажәалагала ҟалҵоит аиааира згаз акандидат акомпромисс ҳасабла егьи акандидат аԥыза-министр имаҵура идигаларц.
Уи илгәалалыршәеит 2004 шықәсазы «Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшьи Рауль Џьумка-иԥа Ҳаџьымбеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра усҟан аполитикатә еибарххара шыхнаҽыз, иҟалар зылшоз ажәлар ӷәӷәала реидыслара ишахнарԥаз».
«Ҳара ҳастратегиатә партниор, ҳгарант – Урыстәылатәи Афедерациа зегьы раԥхьаӡа иргыланы иаҭахуп ари арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҳра руа иҟаларц.
1992-1993 шш. рзы Ҳаԥсадгьыл агрессор иҟынтәи ахьчара уалԥшьаны ирыԥхьаӡеит иреиӷьу Аԥсны аҵеицәа, Аԥсны аԥҳацәа. Аха иазгәаҭатәуп, дара убри ала Урыстәыла аҳәаагьы рыхьчеит.
Ҳара – аиашьареи акзаареи, ҳтәыла иқәынхо амилаҭқәа зегьы – аԥсуаа, адыгаа, аерманцәа, аурысқәа, абырзенцәа, ақырҭцәа, агырцәа, аестонцәа, уҳәа реилибакаареи, милаҭрацәала еилоу Аԥсны жәлар ҳаизҳазыӷьара алзыршо акакәны ҳахәаԥшуеит», – ҳәа илҳәеит лара.
Гәыли Кьычба ауаажәларра, Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа ралхратә штабқәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, аибашьра аветеранцәа, уҳәа зегьы иҟалҵаз ааԥхьара адгылара арҭарц аҳәара ҟалҵеит.