Аҟәа араион аҿы адиспансеризациа алагеит Аҩада-Ешыратәи ашкол ала. Ашкол ахь еиҿкааны иааргалоит араион зегьы аҟынтәи ахәыҷқәа. Иахьа Аԥсныҟа иаараны иҟоуп даҽа ԥшь-медицинатә еиҭаҵуа акомплексқәа.
вчера 14:34
Гәдоуҭеи Аҟәеи араионқәа рҿы ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа алагеит.
Аҟәа. Жәабранмза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсныҟа иааны иҟоу амедицинатә бригадақәа ҩба Гәдоуҭеи Аҟәеи араионқәа рҿы ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа амҩаԥгара иалагеит.
Атәыла агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада даҭааит. Иарбоу амедицинатә усбарҭаҿы ахәыҷқәа ргәаҭаразы иахәҭоу аҭагылазашьақәа зегьы аԥҵоуп. Аҵара Аминистрреи агәабзиарахьчара Аминистрреи адиспансеризациа аграфик шьақәдыргылеит, уи инақәыршәаны, араион ашколқәа зегьы рҟынтәи ахәыҷқәа ахәышәтәырҭахь инаргалоит.