АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 14:22

Очамчыра араион акоманда “Москва Аҩны” аҿы имҩаԥысуа ашахматтә турнир аҿы аиааира агеит.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, «Москва Аҩны» аҿы ихыркәшахеит Аԥсадгьыл Ахьчаҩ Имш иазку акомандатә шахматтә турнир.

Атурнир аҿы аиааира агеит Очамчра араион акоманда, Аҟәа ақалақь акоманда аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит, ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит Гәдоуҭа араион акоманда.

Хаҭалатәи аԥхьахәгара аҿы аиааира игеит Табариан Артиом (Аҟәа ақалақь  Ахадара), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Молов Данила (Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа), ахԥатәи аҭыԥ –  Ҷкадуа Леон (Очамчыра араион).

Атурнир абар шьҭа хы-шықәса инеиԥынкыланы имҩаԥысуеит, уажәтәи атурнир иалахәын 22 команда.     


Read 152 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.