1.Аԥсшәаҳәара: амҩаԥгаҩ Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа рҩыџьагьы рбиографиа даԥхьоит (3-минутк рҟынӡа доусы рбиогрфиақәа раԥхьара азы).
- Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа ралагалажәа аԥсышәала (5 минук рҟынӡа акандидатцәа доусы рзы).
- Аефир амҩаԥгаҩцәа рҟынтәи азҵаарақәа: зынӡа 4 зҵаарак – 2 зҵаарак аԥсышәала, иара убас 2 зҵаарак аурыс бызшәала.
- Азҵаарақәа ықәыргылахоит аԥсышәалеи урысшәалеи. Аҭакқәагьы аԥсышәалеи аурыс бызшәалеи иҟаҵазароуп. Акандидат азҵаара иашьашәалоу абызшәа ала аҭак аҟаҵара мап ацәикуазар, усҟан иара иарбоу азҵаара аҟаҵаразы изоужьу аефир аамҭа ицәыӡуеит. Зҵаарак аҭак аҟаҵаразы акандидатцәа доусы хәба-хәба минуҭ роуеит.
- Азҵаарақәа еиқәнаршәеит Алхратә комиссиа Хада.
- Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа рдебатқәа.
Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа доусы рҟынтәи ахыркәшаратә ажәа азы – 5 минук рҟынӡа рзоужьхоит.
Алхратә комиссиа Хада Аԥснытәи Ателерадиоеилахәыра аефир амҩаԥгаҩцәа раҳасабала иабжьнагоит Есма Џьыкырԥҳаи Роберт Џьопуеи.