АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 7:17

Алхратә комиссиа Хада аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рахь алхратә закәанԥҵара хьаҳә-хьачарада инарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 23 рзы имҩаԥысит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәбеи Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои реиԥылара, уи ихы алаирхәит Аҳәынҭқрра ахадарахь акандидат Бадра Гәынбагьы.  

Алхратә комиссиа Хада аус зуо агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо ас еиԥш иҟоу иԥылара акандидат идгылара аазырԥшуа агитациатә усура аҳасабала иахәаԥшуеит, уи алхратә закәанԥҵара еиланагоит ҳәа иазгәанаҭоит.

Алхратә комиссиа Хада ҩаԥхьа ареспублика аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит алхратә закәанԥҵара хьаҳә-хьачарада  ақәныҟәара алдыршарц азы.

«Ареспублика Аԥсны Алхратә комиссиа Хада Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит атәыла аҿы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аҭашәынтәаларазы жәабранмза 21, 2025 шықәсазы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра еиларымгарц», – ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ааԥхьара аҿы. 

 

 

 


Read 45 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.