АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 10:01

Адгәыр Арӡынба иштаб ахаҭарнакцәа Алхратә комисссиа Хада ахь инаргеит жәабранмза 15 рзы имҩаԥысыз алхрақәа раан ишьақәыргылаз аилагарақәа рсиа.

Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Алхратә комиссиа Хада ахыбра аҿаԥхьа Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат Адгәыр Арӡынба идгылаҩцәа еизеит. Урҭ жәабранмза   15 рзы аҳәынҭқарра иалхрақәа рымҩаԥгараан хыԥхьаӡара рацәала аилагарақәа ҟаҵан ҳәа аҳәамҭа ҟарҵоит.

Адгәыр Арӡынба иалхратә штаб алахәылацәа Алхратә комиссиа Хада ахь инеины АКХ алахәылацәа ирыдыргалеит дара иаадырԥшыз аилагарақәа рсиа.

Алхратә комиссиа Хада алахәылацәеи дареи реиҿцәажәара ашьҭахь Леонид Чамагәуа еизаз ажурналистцәа рҿаԥхьа дықәгыло иҳәеит:

«Ҳара иАкх ахь инаҳгеит аилагарақәа рсиа. Урҭ алхрақәа зегьы рҿы аҭыԥ роуеит, уажәы имҩаԥгаз алхрақәагьы рҿы урҭ аҭыԥ роуит. Иарбоу аилагарақәа рыла ҳара ҳажәалагалақәа ҟаҳҵеит. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп АКХ аколлектив ахшыҩзышьҭра ҳаҭаны иахьаҳзыӡырҩыз, ҳааԥхьара аҭак ахьарҭаз. Дара иазгәарҭеит тезисқәак дара рылшарақәа ишақәымшәо, избан акәзар дара АКХ Акомпитенциа иаҵанакӡом. Аха дара ркомпитенциа иаҵанакуа азҵаарақәа зегьы рыла  дара акомпромисс аԥшаара, иқәҳаргыло ҳадҵақәа разхьаԥшреи рыӡбареи иазхиоуп ҳәа иазгәарҭеит».

Леонид Чамагуа иажәақәа рыла, АКХ Адгәыр Арӡынба иалхратә штаб иадгалаз ажәалагалақәа ҭырҵаауеит, ахҳәаагьы ҟанаҵоит.

«Ҳара ҳазыԥшуп зыдгалара мҩаԥаагаз азҵаарақәа рҟынтәи АКХ акомпитенциа иаҵанамкуа азҵаарақәа ртәы ҳарҳәарц. Уаҵәтәи амш иалагӡаны дара ихымԥадатәиу амеханизмқәа зегьы аус адуланы уи иашьашәалоу адҵақәа алхратә ҭыԥ хадақәеи алхратә ҭыԥқәа ркомиссиақәеи рахь анашьҭра иазхиахоит», – ҳәа иҳәеит иара. 


Read 54 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.