Едуард Быҭәба аҳақьымцәа дрыҿцәажәеит, еиликааит уадаҩрақәак рымоума, русура аиҿкаараҿы ацхыраара рҭаху-ирҭахыму дазҵааит. Аминистр иколлегацәа адиспансеризациа иазԥхьагәаҭоу аформат ала имҩаԥысуеит, проблема ыҟам ҳәа инаҵшьны изгәарҭеит. Ашкол аҿы уи азы иаҭаху аҭагылазаашьақәа зегьы аԥҵоуп. Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо иара убас араион аҵара аҟәша анапхгара ахаҭарнакцәагьы ашкол адиректоргьы дрыҿцәажәеит. Дара ахәыҷқәа ргәаҭара аграфик шьақәыргылоуп, ашколхәыҷқәа арахь араион зегьы аҟынтәи иааргоит ҳәа иазгәарҭеит.
Агәаҭара ашьҭахь Едуард Быҭәба даҭааит иара ашкол аҿы иҟоу Ешыратәи Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи.