АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 15:58

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҳаипланқәа рыртәара азы аинструменталтә система ILS 2700 ала еиқәдыршәеит.

Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә корпорациа Ростех Аилазаара «Азимут» Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҳаипланқәа рыртәара азы аинструменталтә система ILS 2700 ала еиқәнаршәеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Ростех-медиа.

Ишьақәыргылахо егьырҭ урыстәылатәи аиқәыршәагақәа рыла иааизакны уи Аԥснытәи аҳаирбаӷәаза еиуеиԥшым акатегориақәа ирыҵанакуа  аҳаипланқәа рыдкылара алнаршоит.  Адгьылтәии ачарҭтәии атехникатә радиоеиқәыршәагақәа иаку ркомплекс акритикатә згәаҭарада адкылара-тәаратә ԥышәарақәеи аԥырратә гәаҭареи ирхысит.  

Аҳаипланқәа рыртәара азы аинструменталтә система ILS 2700 ала аҳаирплан ачарҭ ахь инашьҭхоит аҵԥраара-тәарҭатә цәаҳәа аҟынтәи анаскьагара, атәараан акурс аҟынтәи анаскьареи аглиссадеи рзы аинформациа.  

Аҳаирбаӷәаза аспециалистцәа автоматизациа зызу русуратә ҭыԥ аҟынтәи акомандаҟаҵара-диспетчерстә пункт аҿы асистема ILS 2700 адгьылтә радиоакрақәа адистанциала анапхгараҭара аиҭалар ауеит, иара убас адиагностика амҩаԥгара илшоит.  Аппаратура зегьы арезерв амоуп, уи акомпонентқәа иԥхасҭахаз автоматтә режим ала иаԥсахуеит. Ҭыԥ-ҭыԥла иҟалар зылшо аиԥҟьарақәа акомплекс зегьы џьара акала анырра анаҭо иҟаӡам. Аҳаипланқәа рыртәара азы аинструменталтә система ILS 2700 ихадоу апараметрқәеи атехникатә ҟазшьарбагақәеи ICAO анормақәа зегьы ирықәшәоит.

«Аҳәынҭқарратә корпорациа Ростех Аилазаара «Азимут» зтехнологиатә ҩаӡара акыр иҳараку аалыҵ ҭнажьуеит, уи ахаҭабзиара азхарҵахьеит урыстәылатәи  аспециалистцәа реиԥш аҳәаанырцәтәи аспециалистцәагьы. Ҳара ҳаилазаара апартниорцәеи аҿаҵаҩцәеи ҳацны Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аԥыррақәа арадиотехникатә еиқәыршәареи аҳаиртә ныҟәара аҳәаақәҵареи рзы комплексла аиқәыршәара ҳаҿуп.  Аҳаипланқәа рыртәара азы ҳара ҳинструменталтә система ILS 2700 абзоурала Аԥснытәи аҳаирбаӷәаза шьҭарнахыс еиуеиԥшым актегориақәа ирыҵанакуа аҳаирпланқәа аднакылар алшалоит, амшцәгьақәа раангьы уахь иналаҵаны. 30 шықәса рыла раԥхьатәи ареис қәҿиарала имҩаԥысхьеит. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҿы 30 шықәса рыла асистемы ILS 2700 ацхыраарала раԥхьаӡа итәеит аҳирплан. Аҳаирбаӷәаза арегион атуристтә усхкы аҿы даҽа даҟьак аарҳәра агәы иҭоуп», — ҳәа иазгәеиҭеит «Азимут» адиректор Хада ихаҭыԥуаҩ Алексеи Гальченков.


Read 70 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.