Афестиваль аҿы есышықәса рхы аладырхәуеит аҭыԥантәи аоркестрқәеи хазы игоу ақыҭатә, ақалақьтә, араионтә, ареспубликатә акультура, аҵарадырра аусбарҭақәеи егьырҭ ахылаԥшырҭақәеи рынагӡаҩцәа, иара убас Урыстәылтәи Афедерациа арегионқәа рҟынтәи ааԥхьара зауз анагӡаҩцәа.
Аконкурс ахықәкқәеи ахыдҵақәеи:
– амилаҭтә инструментқәа рыла арҿиамҭақәа рынагӡара атрадициақәа реихаҳара, рыҭҵаара, реиқәырхара ацхыраара аҭара;
– амилаҭтә жәлар ринструментқәа рпопулиаризациеи жәлар ринструментқәа рыла ахәмарра хра злоу аимиџь ашьҭыхреи;
– аҟыбаҩ злоу анагӡаҩцәа рыԥшаареи адгылара рыҭареи;
– аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәеи акультура, аҟазара, аҵарадырра аусбарҭақәеи амассатә информациа ахархәагақәеи ауаажәларреи аԥсуа жәлар рмузыкатә культура аиқәырхареи аҿиареи апробоемақәа рыхшыҩзышьҭра адыԥхьалара.
Афестиваль аиҿкаареи амҩаԥгареи аԥҟарақәа:
– аколлективқәа зегьы х-номерк рҟынӡа анагӡаразы азин роуеит.
Афестиваль асас – Шәача ақалақь, Лазаревское аҳабла аҟынтәи иааз Адыга жәлар рмузыка аинструменталтә ансамбль «НАСЫԤ». Асахьаркыратә напхгаҩы – Ареспублика Адыгеиа зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Руслан Хеишхо.
Арепетициақәа – асааҭ 12:00 инаркны 14:00 аҟынӡа.
Афестиваль агала-концерт – асааҭ 18:00 рзы. Аҩналара хәыда-ԥсадоуп.