АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:13

Валери Бганба амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Жәабранмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Валери Бганба амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.  

Аилатәра иалахәыз Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур амҩаԥгара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпкы ирылацәажәеит.

Валери Бганба алхрақәа актәи атур аҿы аҩбжьыҭираан еиԥшҵәҟьа иҭышәынтәаланы имҩаԥыслоуп Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Алхратә комиссиа Хада ахьчара арӷәӷәара азы адҵа ҟаиҵеит.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Алхратә комиссиа Хадеи алхратә ҭыԥхадақәеи алхратә ҭыԥқәеи рҿы ахьчара рӷәӷәахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Валери Бганба иар убас аҩныҵҟцатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи алхраԥхьатәи апериод азы Алхратә комиссиа Хада алхратә штабқәа рганахьала ақәыӷәӷәара иацәыхьчазарц азы адҵа риҭеит.

Жәабранмзазы имҩаԥысыз алхрақәа раан  аус руан 900 –ҩык инарзынаԥшуа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа. Хәажәкырамза 1  азы ауаажәларратә ҭышәынтәалара ахылаԥшра арҭалоит 1000-ҩык рҟынӡа амилициа аусзуҩцәа.  

«Аилаҩынтрақәа алхрақәа рымҩаԥгара амш аҽны иҟаӡамызт. Ҳара  хазы игоу аучасткақәа рҿы ахьчара арӷәӷәаразы моментқәак ҳасаб азаҳуит», – ҳәа иҳәеит Роберт Киут.

Москвеи Черкесски ақалақьқәа рҿы абжьыҭаразы алхратә ҭыԥқәа ахьаартхо убасҵәҟьа идәықәҵахоит атәыла аҩныҵҟтәи аусқәа русзуҩцәа.

Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Аҳәынҭқарратә шәарҭдара Амаҵзура анапхгара ахь  жәабранмза 27 инаркны жәажәкырамза  1 аҟынӡа  Егри Ԥсоуи рыла иҟоу аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуа атәылауаа ргәаҭара арӷәӷәара азы адҵа ҟаиҵеит.


Read 83 times - Аҩаша, 25 Жәабран 2025 15:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.