АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 18:02

Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо амимоза атәыла иалганы агара иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа азы ақаҭанхамҩа аминистр диҿцәажәеит.

Аҟәа. Жәабранмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Амимоза аекспорт иадҳәаланы ицәырҵаз апроблема иазкыз Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганбеи атәыла ақыҭанхзамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Беслан Џьопуеи русуратә еилатәара мҩаԥысит.

Абар шьҭа хымшуп Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы амимозеи ауҭраҭыхқәеи рыиагара иадҳәаланы апроблема цәырҵиижьҭеи.

Валери Бганба ақыҭанхамҩа аминистр уажәазы аҭагылаазашьа зеиԥшроу, насгьы уи арҽеиразы Аԥсны уи иазку аусбарҭақәа рыла уснагӡатәқәас имҩаԥго рзы диазҵааит.

Беслан Џьопуа ақыҭанхамҩа Аминистрра аҿы ари азҵаара аӡбара ҩнапыкала аус адырулоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

«Ари апроблема аиҳарак амимоза експортла адәықәҵара ауп изыдҳәалоу.  Ари хәажәкырамза 8, аҳәса Рымш аламҭалазы аҳәаа иахыганы ирго ихадоу атауар ауп.  Хымш раԥхьа урыстәылатәи акарантинтә маҵзура аҟынтәи амимоза апартиақәа руак аҿы калифорниатәи ашәҭтә трипс шыԥшааз азы адырра ҟалеит.  Ҳара ҳкарантинтә инспекциа ахатә лабораториа амоуп, араҟа иааиԥмырҟьаӡакәа атәыла иалганы идәықәҵахо ақыҭанхамҩа аалыҵ агәаҭара иахысуеит. Уеизгьы, ас еиԥш аинформациа аиура ашьҭахь, аҳәаа аҿы иҟоу атауар ахкқәа зегьы, уимоу Аԥсны иахьаҵанакуа иҟоу ахкқәагьы ргәаҭара мҩаԥган. Ҳара иҳамоу адыррақәа рыла, атрипс аарԥшӡамызт», – ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.

Иара иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра аҟынтәи Урыстәыла ақыҭанхамҩа Аминистрреи Урыстәыла ақыҭанхамҩахылаԥшра Аусбарҭеи рахь рыҽрымардеит. Ишеилкаахаз ала, жәабранмза 22 инаркны амимоза алагаразы ақәиҭымтәра алагалоуп. Жәабранмза 22 аҟынӡа ашәҟы иҭагалаз амимоза апартиақәа алаборатортә гәаҭара ианахрыжьлак ашьҭахь аҳәаа иахыганы иоурыжьҭуеит.

«Ҳколлегацәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу, уи  ахьынӡауадаҩу цқьа аилкаара шалыршахо азы ҳақәдыргәыӷит, мышкы-ҩымш рыҩныҵҟа аҭак ҳарҭоит. Амимоза алгара азы азин ҟалароуп», – ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.

Иахьатәи амш азы аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы еизаны игылоуп имаҷымкәа аидара.

Беслан Џьопуа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс азы ари аамҭа азы 80 тонна инареиҳаны амимоза ииаргахьан, сынтәа уи  60 тонна рҟынӡоуп иахьынаӡо.

«Аха макьана аамҭа ыҟоуп, абжьааԥны иарбоу аалыҵ Урыстәыла Хәажәкыра 8 аламҭалазы ибзианы иргоит.  Агәыӷра ҳамоуп, ҩымш-хымш рыҩныҵҟа ари азҵаара ӡбахоит ҳәа», – иҳәеит ақыҭанхамҩа Аминистрра ахада.

Беслан Џьопуа игәалаиршәеит ааигәа аиԥш-зеиԥшу аҭагылазаашьа шыҟаз ацитрустә шәырқәа рыиагара инамаданы.  

Абжьааԥны амимоза ахҵәара иалагоит аекологцәа ақәыршаҳаҭны, еилаҳәаны аҭрақәа ирҭарҵоит. Иҟоуп ацехқәа амимоза иҷыдоу аҟаҵашьала еилаҳәаны ирхьшәашәагатә шьақәгылақәа рҿы иахьырҵәахуа.

«Имаҷу апартиақәа рыла асумкақәа ирҭаҵаны амимоза ыиазго, аиашазы урҭ ртауар ԥхасҭахар алшоит, аха амимоза ыиазго аидарамҩангага машьына дуқәа архьшәашәагақәа рыла еиқәыршәоуп, урҭ еиҳа атаур аиқәырхара азы алшара рымоуп», – ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.

Аха аиҳарак ауаа џьара ак дырҳарц азы амимоза идуум апартиақәа амашьынасқәеи анпылаеидареи  рыла ииаргоит.

Валери Бганба ари аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкы Аԥсныгьы Урыстәылагьы 80-ашықәсқәа раахыс ишыҟоу азгәеиҭеит. Аха абжьааԥны уи ааԥынра – мшаԥымзеи лаҵарамзеи рзы ауп ианцәырҵуа аӡын аамҭазы трипс шамахамза иҟаӡам ҳәа иазгәеиҭеит.   

Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Беслан Џьопуа анапынҵа ииҭеит иааиԥмырҟьаӡакәа урыстәылатәи рколлегацәа рыҽрымардаларц азы.  

«Сара адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахь адҵа ҟасҵеит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа рыҽрымардарц азы. Аҵиаақәа ркарантин азҵаара дара рахь ишиашоу иаҵанакӡом, аха дара ари азҵаара аӡбараҿы ацхыраара ҟарҵар алшоит. Араҟа иҟоуп Урыстәыла аекономикатә ҿиара ахаҭарнакцәа, урҭ рахьгьы иарбоу аус иазкны аинформациа дәықәҵоуп», – ҳәа иҳәеит Валери Бганба.  

Беслан Џьопуа убасҵәҟьа ас еиԥш иҟоу ахьшәашәаара азы трипс амимоза аҿы изцәырҵӡом, аха уи еиҳа ианыԥхарроу  ианхырҵәо, анаҩс архьшәашәагақәа ианҭарҵо, иҟалар алшоит џьара ак цәырҵыргьы ҳәа игәаанагара иҳәеит.

Валери Бганба Аԥсны акарантинтә Маҵзцра агәаҭара арӷәӷәароуп, мамзар трипс ацәырҵра шьақәыргылахар, усҟан аԥкрақәа  мышкы-ҩымш ирҭагӡахом, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

 

 

 

 


Read 52 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.