АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 21:54

Москва Анапхгара Аҟәа ақалақь ахыбрақәа аҿаԥшыларатә ганқәа реиҭашьақәыргылара иазку иҷыдоу атехника ҳамҭас ианаҭоит.

Аҟәа. Жәабранмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадареи Москва ақалақь Анапхгареи ирыбжьоу аҩганктәи аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа иааит гәыԥҩык аспециалистцәа. Урҭ аҭыԥантәи аусзуҩцәа аҩнеихагылақәа рхаҿратә ганқәа реиҭашьақәыргылара иазку иҷыдоу атехника ахархәашьа ддырбараны иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа  ақалақь  Ахадара апресс-маҵзура.

Ашьҭыхга механизмқәа ааба, апрофессионалтә ҳарқәа хԥа, иара убас амеханизациа маҷ ахархәагақәа Аҟәа ақалақь Ахадара ҳамҭас иаҭахоит.

​Москватәи аспециалистцәа аҟәатәи рколлегацәа рыцны Ешба имҩала игылоу ауадарацәа змоу аҩнеихагыла №185 ахаҿратә ганқәа реиҭашьақәыргылара иалагеит.   

Ешба имҩа – ареспублика аҳҭнықалақь мраҭашәарантәи узлалало амҩа хада ауп.  Ақалақь уахьналало игылоу аҩнеихагылақәа рҭеиҭыԥш  – Аҟәа асасцәа зегьы раԥхьаӡа рылаԥш заахо акакәны иҟоуп.

Аҳҭнықалақь Ахадара ааглыхратә альпенистцәа адыԥхьаланы аҩнқәа ҩба рхаҿратә ганқәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥнагахьеит. Аха уи даара ахарџь ду зцу усуроуп.

Иҷыдоу атехника аҟазаара аусура акыр иармариоит.  

Шьаҭанкылатәи аиҭшьақәыргылара Афонд ахаҭарнакцәа ишеиҭарҳәаз ала, аҩнеихагыла №185 ахаҿратә ганқәа реиҭашьақәыргылара Иахьа Москва ақалақь аҿы инарҭбаау ахархәара змоу  иҿыцу атехнологиақәа, аполимер-цементтә еиларшьқәа рхархәарала имҩаԥгахоит.  Уи аҩны адәныҟатәи аҭеиҭыԥш аиӷьтәра адагьы, уи атехникатә ҟазшьарбақәа – аԥхаранкылара, абжьыхәаҽыга аиӷьтәра алнаршоит. 


Read 57 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.