pressadmin-2
Аслан Бжьаниа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьара азы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьара азы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп Кәарҷиа В. А.
Ахада Кәарҷиа Валери Андреи-иԥа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихиҵеит.
«Ажурналистика аус аҟны илшамҭақәеи шықәсарацәалатәи лыҵшәа змоу иусуреи рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит Кәарҷиа Валери Андреи-иԥа, Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла алахәыла, Аҟәатәи Иаарту аинститут аректор», - ҳәа иаҳәоит Аусԥҟа.
Адокумент иаҵаҩуп 2024 шықәса жәабранмза 16 рзы.
Аслан Бжьаниа Зарандиа Заур «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Зарандиа Заур «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианеишьеит.
Заур Чанҭа-иԥа Зарандиа 1992-1993 шш. рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан илагаламҭа дуи Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла иҽалархәреи рзы иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭа ианашьоуп.
Аусԥҟа иаҵаҩуп 2024 шықәса жәабранмза 15 рзы.
Апрокуратура Хада 2023 шықәазы аусура азы аҳасабырба ҟанаҵеит.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы апрокуратуа аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкын аԥшьаша, жәабранмза 15 рзы имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа инарҭбаау аусуратә еилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. .
Аилатәара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба,Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба, апрокуатуа Хада аусзуҩцәа, Аҟәа ақалақь апрокурор, араионқәа рыпрокурорцәа.
Ажәахә хада ҟаиҵеит Аԥсны Апрокурор Хада Адгәыр Агрба, уи, ҷыдала, дырзааҭгылеит иҳаҩсыз ашықәс азы ареспубликаҟны имҩаԥысызи иаарԥшызи ацәгьоурақәа.
Аслан Бжьаниа аколлегиа аихшьалақәа дрыхцәажәо иазгәеиҭеит: «Аҳәынҭқарраҟны аус зуа зегьы, амчратә хырхарҭақәа зегьы рхықәкы - ҳҳәынҭқарра арӷәӷәароуп, избанзар аҳәынҭқарра- ҳара ҳзеиԥш ҩноуп. Шәара ибзианы ижәдыруеит аҳәынҭқарра зцәыӡыз ажәларқәа рлахьынҵа шышьақәгылаз. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы адунеи аҟны имҩаԥысуа шьаҭанкылатәи аҟазшьа змоу ахҭысқәа рацәоуп. Адунеи аҟны аибашьрақәа ахьцо аҭыԥқәа, иаҳҳәозар Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика, 30 шықәса рыҩныҵҟа ишьақәгылаз, иахьа фактла иҟаӡам. Азҿлымҳара ашәҭарц сҭахуп еиҳа аҵак ду змоу азҵаарақәа, убри аан Апрокуратура Хада аҳәынҭқарра ашьақәыргылараҟны инангӡо ароль ду. Шәара ижәдыруеит, ҳара зегьы ҳшазхарымҵац, ҳара ҳганахьала цәгьашақә зхы мҩаԥызго шыҟоугьы», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада, апрокуратура аусзуцәа ас еиԥш иҟоу апроцессқәа ирҿагылар шакәу азгәаҭаны.
Алеқсандр Анқәаб Китаитәи Жәлартә Демократиатә Республика аҟынтәи аделегациа идикылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Китаитәи Жәлартә Демократиатә Республика аҟынтәи жәларбжьаратәи ахәаахәҭра Акорпорациа «Мангенбон» адиректор хада Иун Гук Намом напхгара зиҭо Акорпорациа аделегациа идикылеит..
Акорпорациа афатә-ажәтә аалыҵқәеи ааглыхратә тауарқәеи рыҭиара, IT-технологиақәа, амедицина аусхкы аҿы аусеицура абжьаҵара, амшын аалыҵ аусдулара, атрикотажтә ааглыхра иадҳәалоу аусура нанагӡоит.
Аԥыза-министр иԥылара аҿы аделегациа афатә-ажәтә ааглыхра, абанктә усхкы, атуризм, уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рҿы аусеицура, иара убас Аҟәеи Пхениани ақалақьқәа рҿы аҩганк рыхәхаахәҭратә Хаҭарнакрақәа раартра азҵаарақәа ирылацәажәеит.
27 тонна амимоза Аԥсны иалганы Урыстәылаҟа иргеит.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 27 135 кьыла амимоза Аԥсны иалганы Урыстәылаҟа иргеит.
Раԥхьатәи апартиақәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ргара ашьҭахь ҩымчыбжь иреиҳаны иҵхьеит.
Аԥсны Ахада иҟны 2023 шықәсазы акультура Аминистрра аусура аихшьалақәа рзы аҳасабырба ҟалҵеит Динара Смыр.
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2024 шықәса. Аԥныпресс. Аамҭала Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр атәыла Аҳада адырра илҭеит 2023 шықәса рзы акультура Аминистрра аусура аихшьалазы, илҭеит имҩаԥгаз еиуеиԥшымыз акультуратә, аиубеилеитә усмҩаԥгатәқәа, иара убас ареспубликаҿы еиҿкааз егьырҭ апрограммақәа рзы аинформациа.
«Иҳаҩсыз ашықәс хҭыс рацәала иҭәын. Акультуреи аҟазареи ирызку аҳәынҭқарратә политика анагӡараҟны еснагь Шәара шәҟынтәи, иара убас аиҳабыра рганахьала адгылара ҳамоуп», - ҳәа иазгәалҭеит Динара Смыр.
Динара Смыр илҳәеит Аԥсны акультура Аминистрреи Урыстәыла Акультура Аминистрреи русеицура атәы: «Ҳусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны 60 инареиҳаны апроектқәа аус руеит. Урҭ мҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟагьы. Ҷыдала, П. Чаиаковски ихьӡ зху Москватәи аконцерттә зал аҟны қәҿиарала имҩаԥысит Ашәаҳәареи акәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль ақәгылара. Жәларбжьаратәи амузыка Аҩны аҟны имҩаԥысит афортепианнатә концерт «Пиано-Дуо» Москва ақ. Акамертә оркестри ахортә копеллеи реицықәгыларала. Урыстәыла Акультура Аминистрреи ҳареи иҳабжьоу аимадаразы шаҳаҭра ауеит ҳара ҳахь ишауа еицырдыруа аколлективқәеи артистцәеи. Ҳара иҳалшо ала, ара иахәҭоу аҭагылазаашьақәа рзаԥаҳҵоит!», - ҳәа илҳәеит Динара Смыр.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа: «Зықәра наӡамкәа ацәгьоура зуз ахаҿы ихарадҵара амч анаиуаз 18 шықәса ихыҵра, ақәнага иақәыршәаразы иџьбароу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы аҭакра изалхра азы шьаҭаны иҟам».
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра а-Telegram-канал аҿы иҟаз аҳәамҭа иахцәажәеит.
Жәабранмза 16, 2024 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә Telegram-канал аҿы Ареспублика Аԥсны атәылауаҩ Абыхәба Е.Г. «жәабранмза 2 рзы, иарбоу атәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ала уи иганахьала уаанӡа ирыдыркылаз азыӡба арԥсыҽра ашьҭахь ихы дақәиҭыртәит» ҳәа адырра ҟанаҵеит. Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа аԥснытәи аиашаӡбара ареспублика иахьаҵанакуа иҟало ацәгьоурақәеи ацәгьоуцәа ақәнага рақәыршәареи рганахьала гәхьаамкрала азнеира аанарԥшуеит ҳәа ирыԥхьаӡоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵаз ахҳәаа аҿы уаанӡа ирыдыркылаз азыӡба арԥсыҽра ҵаҵӷәыс иамоу азы алкаа ҟанаҵоит.
«Аԥсны атәылауаҩ Абыхәба Е.Г. ацәгьа аниуаз 18 шықәса ихымҵыцызт. Уи иганахьала уаанӡа ирыдыркылахьаз азыӡба арԥсыҽразы аӡбамҭа адкылараан Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум шьаҭаны иагеит Аԥсны Аконституциа (ахәҭаҷ 11), еицазхаҵоу жәларбжьаратәи азинтә шәҟәынҵақәа, Аԥсны Ашьауӷатә Закәанеидкыла (ахәҭаҷқәа 3, 4, 6, 82), иара убас Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа азинтә позициа иақәныҟәон» , - ҳәа иаҳәоит атекст аҿы.
Аӡымҩангага ахьыԥжәаз иахҟьаны жәабранмза 19 рзы Аҟәа ақалақь ахәҭак ӡрыжәда иаанхоит.
Аҟәа. Жабранмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имам Шамиль имҩа аҟны (аҩны №128 аҿаԥхьа) 300 мм. рҟынӡа инаӡо аӡымҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны, уаҵәы, 19.02.2024ш., асааҭ 00:00 инаркны 23:00 рҟынӡа аӡыржәтә аанкылахоит Аҟәа ақалақь ахәҭак аҿы: Аҳабла Ҿыц, Ажәытә ҳабла (Аихамҩатә ҳабла), ВИЕМ, Алашарабага аҳабла, Ешба имҩаду, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи, ҳәа иаанацҳауеит аҳҭнықалақь «Аӡыршьҭра».
Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа анаука-практикатә конференциа «Евромайдан: потерянное десятилетие Украины» ихы алаирхәит.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа анаука-практикатә конференциа «Евромайдан: потерянное десятилетие Украины» ихы алаирхәит.
Аконференциа жәабранмза 16 рзы жәларбжьаратәи амультимедиатә медиагәыԥ «Урыстәыла-иахьа» апресс-центр аҿы Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара ахылаԥшрала имҩаԥысит.
Аконференциа алахәылацәеи асасцәеи рахь алагалажәа ала дықәгылеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
«Мрагыларатәи атәылақәа излалшо ала Украина ахы иархәаны Урыстәыла аԥырхагахара, адунеитә арена аҿы иара иақәнагоу ароль анагӡара азы азин амоуа аҟаҵара, дара ишырҳәо еиԥш Урыстәыла астратегиатә аҵахара алыршара азы еиуеиԥшым ала аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит. Аус аҿы Украина ахаҭа, жәаҳәарада, иуҳәар алшоит Европа иҟоу аҳәынҭқаррақәа зегьы раасҭа иӷару ҳәынҭқарраны, уимоу, аиӡаара иаҿу ҵакыраны иҟалеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Сергеи Лавров.
Ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE – 2024» 13 шықәса зхымҵӡац ашахматистцәа рыбжьара аԥхьахәқәа згаз еилкаахеит.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE 2024» амҩаԥысра аҩбатәи амш азы 13 шықәса зхымҵӡац ашахматистцәа рыбжьара аԥхьахәқәа згаз еилкаахеит. Афестиваль алагеит жәабранмза 16 рзы Тамшь ақыҭан.
Аиааирагара рҽазыршәон Аԥсни Алада Урыстәылеи рҟынтәи 40-ҩык инарзынаԥшуа ашахматист ҿарацәа.
13 шықәса зхымҵӡац ашахматистцәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Багаҭелиа Нестор (ақ. Аҟәа), Лакоба Сариа (ақ. Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥқха – Топчиан Армен (Гәылрыԥшь аҳабла), Смыр Мирра (ақ. Афон Ҿыц), ахԥатәи аҭыԥқәа – Пономариов Арсени (ақ. Славианск-на-Кубани), Карапетиан Николь (ақ. Гәдоуҭа).
11 шықәса зхымҵӡац аспортсменцәа рыбжьара аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит: актәи аҭыԥқәа – Конџьариа Кристиан (ақ. Гәдоуҭа), Сақаниа Саниа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥқәа – Тос-оглы Кемаль (ақ. Гагра), Тамбиа Сариа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа – Кузнецов Даниил (ақ. Гәдоуҭа), Егишева Таисиа (ақ. Гагра).
Аԥхьахәтә ҭыԥқәа згаз зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, асувенирқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, иара убас аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.