1986 – 2010 шш. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа рҿы еиуеиԥшым амаҵурақәа рҿы аус иуан, алагаратә ҩаӡара иаҵанакуа аусзуҩ иҟынтәи аиҵбыратә напхгаратә еилазаара, анаҩс аиҳабыратә напхгараҭаратә еилазаара аҟынӡа.
1992 – 1993 шш. — Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын.
Цәыббрамза 27, 1994 ш. рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Иусԥҟа №51 инақәықәаны, Оҭар Хьециа ианашьахеит «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ.
Жәабранмза, 2005 шықәса инаркны нанҳәамза, 2010 шықәсанӡа, иара убас жьҭаарамза, 2011 шықәса инаркны рашәарамза 2014 шықәсанӡа Оҭар Хьециа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан.
Ажьырныҳәамза, 2007 шықәса рзы Оҭар Хьециа ианашьахеит иҷыдоу арратә хьӡы «амилициа аинрал-маиор».
Нанҳәамза, 2010 шықәса инаркны жьҭаарамза, 2011 шықәса рҟынӡа – Ареспублика Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан.
Рашәарамза, 2014 шықәса рзы Оҭар Хьециа ианашьахеит иҷыдоу арратә хьӡы «амилициа аинрал-леитенант».
Жәабранмза 12, 2021 шықәсазы – Ареспублика Аԥсны Ахада Иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩыс дҟаҵан.
Хәажәкырамза 2, 2021 шықәса рзы ианашьахеит иҷыдоу арратә хьӡы «аҳазалхратә маҵзура аинрал-леитенант».