АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жәабран.2025

Гәдоуҭа ақалақь аҿы игылоу Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа еиҭашьақәыргылахоит.

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба Урыстәылатәи Афедерациа,  Иарославтәи амуниципалтә раион  ахада Николаи Золотников диыԥылеит.

Аганқәа акыр шықәса раахыс аимабзиаратә, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа зыбжьоу араионқәа аҩганктәи аусеицура рыбжьаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Урыстәыла адгылареи ацхыраареи ирыбзоураны Гәдоуҭа араион аҿы реицынагӡара иаҿуп аԥшьгарақәа жәпакы, урыстәылатәи ауаажәларратә еиҿкаарақәа ралархәралагьы уахь иналаҵаны.

Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп В.И.Ленин ихьӡ зху апарк аҿы игылоу Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа ареконструкциа амҩаԥгаразы аҽазыҟаҵаратә усурақәа, уи ала апроект-харџьынҵатә документациа еиқәдыршәахьеит, иазԥхьагәаҭоуп иара убас Лаҵарамза  9, Аиааира Амш азгәаҭараан ателецҳа амҩаԥгара, иара убас иазԥхьагәаҭоуп аԥшьгара «Ҳара ҳҭаацәаратә шәҟәқәа», уи рхы аладырхәуеит Гәдоуҭа араион ашколхәыҷқәа.

Валери  Аҩӡба  урыстәылатәи аган абар шьҭа шықәсырацәа инеиԥынкыланы Аԥсны ианаҭо хәызмаӡам ацхырааразы, ахәҭакахьала, Урыстәылатәи Афедерциа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко инапынҵа ала Аԥсны иазоужьыз ашколтә втобусқәа рзы иҭабуп иҳәеит.  

«Ҳара ҳаҭырқәҵарыла, ҳхәыҷқәа рзы ари аҳамҭа ҳадаҳкылеит. Идуӡӡаны иҭабуп ҳәагьы ҳҳәоит уи азы», - ҳәа инаҵшьны иазгәеирҭеит иара.

Николаи Золотников Валери Аҩӡба асасдкылара бзиа азы иҭабуп иҳәеит. Уи аринахысгьы аусеицура дшазхиоу азгәеиҭеит.


Read 70 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.