АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жәабран.2025

Аԥсни Урыстәылеи рминистррақәа рҿы иҷыдоу абжьаратәи аҵара аганахьала апроектқәа жәпакы рынагӡара азԥхьагәаҭоуп .

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиа Урыстәылатәи Афедерациа аҵарадырра аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Бугаев зхадараҿы дыҟоу Урыстәылантәи аделегациа идикылеит.

Аиԥылара Аԥсны аҵарадырра асистема аҿиара астратегиа, ареспублика аҿы ахәыҷтәы еиҿкаарақәа раԥҵара, аклассқә абренд ҳасабла ралкаара, иара убас иҷыдоу абжьаратәи аҵара аганахьала апроектқәа рынагӡара иазкын. 

Инал Габлиа Урыстәылатәи Афедерациа аҵарадырра Аминистрра аԥснытәи арҵаҩцәа урыстәылатәи рколлегацәа рыҽрымадара, аус рыцура, аԥышәеимадара рыбжьаҵара, иара убас аԥснытәи арҵаҩцәа адыррақәа Рцентр «Машук» ахь ааԥхьара рыҭаразы, уҳәа рзы алшара ахьаԥнаҵо азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.  Иара иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара азанааҭтә еимадарақәа рырӷәӷәареи арҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхреи  рзы акыр зҵазкуа ароль нанагӡоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Александр Бугаев жәларбжьаратәи аҵарадырра аусхкы аҿы аусеицуреи аԥышәеимадареи аҵарадырра аҿы инанагӡо ароль атәы инаҵшьны иазгәеиҭеит. Иара убасҵәҟьа уи аӡынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» реиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рҵакы ахадара азгәеиҭеит. Уи амҩаԥгара шьҭа хра злоу традицианы ишьақәгылеит. Аҵарадырратә еиҿкаарақәа рыбжьара апроектқәа реицынагӡара, аҩ-ҳәынҭқаррак рҵарадырратә усбарҭақәеи ашколқәеи рыбжьара ишиашоу ала аусецура аиӷьтәра, иҿыцу аҩаӡара ахь ҳгылнагоит, анҵыра змоу аформат змоу аԥышәеимадара ҳабжьанаҵоит.

«Ҳара еилаҳкаауеит ҳминистррақәа рыбжьара апартниорра — ари акыраамҭатәи процесс шаку. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Аминистрра аусзуҩцәа зегьы, ареспублика ашколқәа рдиректорцәа, иара убас, ҳәарада, зџьабааи зылшареи адҵаны абри зегьы ҳхәыҷқәа рԥеиԥш лаша азы иҟазҵо арҵаҩцәа зегьы», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.  

Аиԥылара ахыркәшара ашьҭахь ажурналистцәа рзы абрифинг мҩаԥыргеит.


Read 94 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.