Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабран 18 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы реиԥылара мҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Сергеи Шамбеи Италиа иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра аҿы адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапынҵа ҷыдақәа назыгӡо ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани. Аиԥылара ихы алаирхәит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Кан Ҭаниа.
Сергеи Шамба Вито Гриттани Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рахь дахьааз азы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, иара убасгьы иазгәеиҭеит уи ареспублика адгылара ду шаиҭо зегьы ишеицырдыруа.
«Ари ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит. Шәара ижәдыруеит ҳтәыла шаҟа иҭахкааны иҟоу, убри аҟнытә Европа ҳазмадоу, иҳадгыло ауаа аныҟоу, уи еиҳа амчреи агәыӷреи ҳанаҭоит”. Шамба аринахысгьы хра злоу аусеицуразы агәыӷра шимоу атәы азгәеиҭеит.
Вито Гриттани Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рахь Италиатәи анаԥшыҩцәа ргәыԥ раареи урҭ атәыла ирызцәырнагаз ацәаныррақәеи ртәы далацәажәеит. Иара иазгәеиҭеит «урҭ рыблала ирбаз Мраҭашәаратәи апропаганда ирыднагалоз зынӡа ишеиԥшым рҳәон».
Аиԥылараҿы Вито Гриттании Кан Ҭаниеи аҭакԥхықәра зызрыду Италиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә хаҭарнакра аусура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәан