АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Жәабран.2025

Ер-Риад имҩаԥысит Урыстәылеи Америкеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа.

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Ахада В.В. Путини Еиду Америкатәи Аштатқәа Рхада Д.Трампи аҩганктәи амшхәаԥштәи жәларбжьаратәи аполитикеи рыла аимадара аинтенсификациа азура азы реиқәшаҳаҭра инамаданы, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Сергеи Лаврови Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Иури Ушакови, жәабранмза 18 рзы Ер-Риад аҿы Еиду Америкатәи Аштатқәа Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  Марко Рубио, амилаҭтә шәарҭадара азы  Аҳәынҭқарра Ахада ицхырааҩ Маикл Уолтц, Ааигәа Мрагылара ала Аҳәынҭқарра Ахада иҷыдалкаатә хаҭарнак  Стивен Уиткофф зеилазаараҿы иҟаз америкатәи аделегациа ирԥылеит, аҩганктәи аиҿцәажәара мҩаԥыргеит.

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла,  аиԥылара аҿы азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалара аперспективақәа уахь иналаҵаны.

Аганқәа хара имгакәа ацҳаражәҳәаҩцәа рышьақәырӷәӷәара, иара убас аҩ-ҳәынҭқаррак рдипломатиатә хаҭарнакрақәа  русура аганахьала иҟоу  аԥкрақәа раԥыхра азы адәныҟаполитикатә хылаԥшырҭақәа рхадацәа рхаҭыԥуаҩцәа  рыҩаӡараҿы аконсультациақәа рымҩаԥгаразы еиқәшаҳаҭхеит.

Еиқәшаҳаҭхеит аенергетика, акосмос, уҳәа аҩганк ринтерессқәа ирықәшәо егьырҭ аусхқәа уахь иналаҵаны, аекономика аганахьала аусеицура аи-ашьақәыргылара азы амҩақәа рыԥшаара. Урыстәылеи Еиду Америкатәи аштатқәеи рнапхгаҩцәа рсаммит аҽазыҟаҵарақәеи, Украина иазкны иҟалар зылшо аиҿцәажәарақәеи ирылацәажәеит. Аҩганк ахаҭарнакцәа ишьақәдырӷәӷәеит аконфликат аҭышәынтәаларазы ргәазыҳәара. 

Урыстәыла аганахьала уи аԥхьанаҵә изыхҟьаз амзызқәа рықәгара, анҵыра  аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара азы аҭагылазаашьақәа раԥҵара, арегион атәылақәа зегьы рзакәантә интерессқәеи ршәарҭадареи алыршара шхымԥадатәиу азгәаҭан. Иарбоу ахырхарҭала ааигәа иалкаахо аҷыдалкаатә хаҭарнакцәа рыла имҩаԥысло аусеицура ацҵаразы еиқәшаҳаҭхеит.

Аганқәа иара убас Урыстәылатәи Афедерациеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ашәарҭадара Ахеилак есымшатәи алахәылацәеи аиадертә ҳәынҭқарра дуқәеи раҳасабала аҭынчреи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рҿы ирықәу аҭакԥхықәра ҳасаб азуны егьырҭ жәларбжьаратәи апроблемақәа рыла акоммуникациа аканалқәа реиҭашьақәыргыларазы еизааибагеит.

Аиԥылара аҿы Урыстәылеи Америкеи Рхадацәа реиԥылара аиҿкаара иазку аусура аицынагӡара азы азҿлымҳара шьақәырӷәӷәахеит. 

 

 

 


Read 100 times - Ахәаша, 21 Жәабран 2025 00:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.