АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жәабран.2025

Аԥсны иаԥҵахоит ателемедицинатә консультациақәа Рцентр.

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко инапынҵала Аԥсныҟа дааит Урыстәыла агәабзиарахьчара  Аминистрра амашәырцәгьақәа рмедицина Афедералтә центр акризисттә ҭагылазаашьақәа рҿы анапхгараҭара Ацентр ахаҭарнак.

Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра амашәырцәгьақәа рмедицина Афедералтә центр (ФЦМК) аспециалист Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәбеи Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәеи дырԥылеит.  Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аҿы ауп ателемедицинатә консультациақәа Рцентр аиҿкаара ахьазԥхьагәаҭоу.  Асистема аԥышәатә аҿакра ааигәа иҟалоит.

«Ас еиԥш аусеицуреи ареспублика иахьаҵанакуа ателемидицина аҿиареи ирыбзоураны, ҳара ҳҳақьымцәа Урыстәылатәи Афедерациа инагоу амедицинатә усбарҭақәа рҟынтәи рколлегацәа рганхьала хра злоу аконсультациақәа роулартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵахоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.

Жәабранмза алагамҭазы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои Аԥсны аполитикатә усзуҩ Бадра Гәынбеи реиԥылара.  Араҟа ирылацәажәеит ареспублика агәабзиарахьчара асистема аҿиара азы ԥхьаҟатәи апланқәа.  Иара убас уи аԥхьа имҩаԥысит Михаил Мурашкои Едуард Быҭәбеи русуратә еиԥылара. Араҟа урыстәылатәи аспециалистцәа алархәны Аԥсны ателемедицинатә консультациақәа рымҩаԥгара азҵаара шьҭыхын.   Инарҭбаау аформат ала ателемедицинатә консультациақәа аҳәынҭқаарақәа рыбжьара аусецура ихадоу ахырхарҭақәа иреиуахоит.


Read 91 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.