АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Жәабран.2025

Алхратә комиссиа Хада азинхьчаратә усбарҭақәа рахь алхратә закәанԥҵара еилазго аиҿагылара зхылҿиаар алшо аусқәа рыԥхьырҟәҟәаара алдыршарц азы ааԥхьара ҟанаҵеит.

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Алхратә комиссиа Хада аӡбамҭала Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкырамза 1, 2025 шықәса рзы.

«Ареспублика Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ ҩба  инақәыршәаны, ажәлармчра - Аԥсны аҳәынҭқарратә мчра шьаҭас иамоуп. Аԥсны асуверенитет ныҟәгаҩыси уи амчра хыҵхырҭаси иамоу Аԥсныжәлар роуп. Ажәлар рымчра аԥсҭазаара иаладырҵәоит дара рхала, ма рхаҭарнакцәа рыла. Аконституциа ахәҭаҷ 12 иаҳәоит: «Ауаҩы ицшоуп ихадароу азинқәеи ахақәиҭрақәеи. Дарбанзаалак ауаҩы дшоуп ихы дақәиҭны. Азакәани аӡбареи рҿаԥхьа зегьы еиҟароуп милаҭлеи, хаҵалеи, ԥҳәыслеи, бызшәалеи, хылҵшьҭралеи, маллеи, маҵуралеи, нхарҭа ҭыԥлеи, динлеи, дунеихәаԥшышьалеи, идеологиалеи, цәаԥшшәахәылеи ҳәа еилых ҟамҵакәа», – хәа иаҳәоит Аԥсны Алхратә комиссиа Хада иахьа, жәабранмза 18 рзы иаланарҵәаз ааԥхьара атекст аҿы.

Алхратә комиссиа Хада Ареспублика Аԥсны ахадарахь акандидатцәа Адгәыр Амиран-иԥа Арӡынбеи Гәынба Бадра Зураб-иԥеи рахь доусы рыдгылаҩцәа апровакациа рҽалрымгаларц абжьгара рырҭарц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

Алхратә комиссиа Хада иара убас азинхьчаратә усбарҭақәа рахь алхратә закәанԥҵареи ауаажәларратә ҭышәынтәалареи еилазго аиҿагылара зхылҿиаар алшо аусқәа рыԥхьырҟәҟәаара алдыршарц азы ааԥхьара ҟанаҵеит.

Алхратә комиссиа Хада милаҭрацәала еилоу ареспублика ажәлар хәажәкырамза  1 рзы алхрақәа рхы аладырхәырц, ргәазыҳәара аадырԥшырц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.  


Read 142 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.