Алхратә комиссиа Хада аӡбамҭа ала абарҭ аихшьаалатә лҵшәақәа шьақәнарӷәӷәеит: Алхратә комиссиақәа ироуз алхратә биуллетенқәа рзеиԥш хыԥхьаӡара – 139 225 цыра.
Иқәгаз абиуллетенқәа рхыԥхьаӡара – 40 433 цыра.
Алхыҩцәа рсиақәа ианыз алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара – 143 960 цыра.
Абжьыҭаразы абиуллетенқәа знапы иаркыз алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара – 98 792 ҩык.
Абжьыҭара зхы алазырхәыз алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьӡара – 98 790 -ҩык.
Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Адгәыр Арӡынба Амиран-иԥа изы зыбжьы азҭаз – 36 476 - ҩык (36,92%).
Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Аршба Роберт Иван-иԥа изы зыбжьы азҭаз – 7 434-ҩык (7,53%).
Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Барцыц Олег Мсас-иԥа изы зыбжьы азҭаз – 3 988-ҩык (4,04%).
Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Гәынба Бадра Зураб-иԥа изы зыбжьы азҭаз – 45 817-ҩык (46,38%).
Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Хәырхәмал Адгәыр Вадим-иԥа изы зыбжьы азҭаз – 896-ҩык (0,91%).
Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа зегьы ирҿагылаз рзеиԥш хыԥхьаӡара – 1 381-ҩык. Иԥхасҭоуп ҳәа иԥхьаӡоу абиуллетенқәа рзеиԥш хыԥхьаӡара – 2798 цыра.
Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур ахь инеит еиҳа абжьы зауз ҩыџьа акандидатцәа: Ардӡынба Адгәыр Амиран-иԥеи Гәынба Бадра Зураб-иԥеи.
Алхратә комиссиа Хада аӡбамҭа ала, Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур мҩаԥысуеит хәажәкырамза 1, 2025 шықәса рзы.