АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Жәабран.2025

Бадра Гәынба: «Аԥсны Ахада иалхрақәа азакәан инақәыршәаны, хәажәкырамза 1 азы имҩаԥысуеит».

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Аԥсны Ахада иалхрақәа азакәан инақәыршәаны, хәажәкырамза 1 азы имҩаԥысуеит, атәылауаа зегьы иаарԥшхо ргәазыҳәара рыдыркылароуп, уи зеиԥшрахозаалакгьы!» - Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба.

Иара иаппонентцәа аҭынчреи ачҳареи аҽынкылареи аадырԥшырц, амилаҭтә цәымӷра зырҿио аҳәамҭақәа ҟарымҵаларц, иара убас аиҿагылара зхылҿиаар алшо ажәақәеи аусқәеи рҽырцәырыхьчарц ааԥхьара ҟаиҵеит».

Бадра Гәынба аполитикатә кризис аҭышәныртәалареи атәылауаа рыбжьара аҭынчра аиқәырхареи рзы ирыдыркылаз аусмҩаԥгатәқәа дрылацәажәеит. Уи Жәлар Реизара-Апарламент алхратә кампаниа нҵәаанӡа акадртә ӡбарақәа рыдкыларазы аморатории шьақәнарӷәӷәеит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Алхратә кампаниа иалахәу аганқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур алҵшәақәа рҟны иаарԥшхо ауааԥсыра ргәазыҳәара рыдыркылароуп, уи зеиԥшрахозаалакгьы», — ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба.

*** Ааԥхьара атекст нагӡаны иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар! Аполитикатә кризис аҭышәныртәалареи атәылауаа рыбжьара аҭынчра аиқәырхареи аиашареи азакәанреи реиҭашьақәыргылареи  рзы имҩаԥгоу ауснагӡатәқәа рзы адырра шәысҭоит.

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ҳара иқәҳаргылаз азакәан иаҵанакуа ҳадҵақәа рыдыркылеит, насгьы абҵарамзатәи аиқәшаҳаҭраҿы ишҳәоу еиԥш, алхратә кампаниа нҵәаанӡа акадртә ӡбарақәа рыдкыларазы аморатории шьақәнарӷәӷәеит.

Аԥсны Ахада иалхрақәа, уи азы азакәан инақәыршәаны, хәажәкырамза 1 азы имҩаԥысуеит, атәылауаа зегьы иаарԥшхо ргәазыҳәара рыдыркылароуп, уи зеиԥшрахозаалакгьы!

Сара соппоненти уи идгылаҩцәеи рахь схы нарханы аҳәара ҟасҵоит аҭынчра аадырԥшырц, амилаҭтә цәымӷра зырҿио аҳәамҭақәа ҟарымҵаларц, иара убас аиҿагылара зхылҿиаар алшо ажәақәеи аусқәеи рҽырцәырыхьчарц.

Даҽазныкгьы исҳәоит: амилаҭтә ҟазшьа змоу аиҿагыларақәа рылахәмарра ҟалаӡом!

Ахра Аҩӡбеи егьырҭ «Пиатнашка» иалоу аҷкәынцәеи Аԥсны ишатәылауаау, насгьы Рыԥсадгьыл аҿы аҟазаара азин шрымоу азгәасҭоит. Урҭ рганахьала амақарратә ҟазшьа змоу ацәажәарақәа ииашам. Урҭ рганахьала ииашам ажәакқәа рҳәара ҟалашьа амам.

«Алхратә кампаниа иалахәу аганқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур алҵшәақәа рҟны иаарԥшхо ауааԥсыра ргәазыҳәара рыдыркылароуп, уи зеиԥшрахозаалакгьы.

Ҳауаажәлар зегьы ртәылауаҩратә позициа аарԥшразы иҭабуп ҳәа расҳәоит! Ҳара жәларык ҳауп, ҳаидгыланы ауп ауадаҩрақәа зегьы риааира, атәыла иҭышәынтәалоу аҿиарахь анагара анҳалшо», — ҳәа иажәа хиркәшеит Бадра Гәынба.

 

 

 


Read 136 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.