АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жәабран.2025

Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа раҟаҵара аамҭала иаанкылахоит Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа нҵәаанӡа.

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ахаша, жәабранмза   19 рзы, Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа нҵәаанӡа 18 шықәса зхыҵхьоуи урҭ иреиҳабууи атәылауаа рҭаҩреи атәылауаҩшәҟәы рыҭареи аамҭала аанкыларазы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Ақәҵара атекст иаҳәоит:

«Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи алхыҩцәа рсиақәа реиқәыршәара асистематизациеи ралыршара хықәкыс иҟаҵаны:

Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра (апаспорттә усбарҭеи аҩныҟатәи аусқәа араионтә усбарҭақәа апаспорттә ҟәшақәеи) 18 шықәса зхыҵхьоуи урҭ иреиҳабууи атәылауаа атәылауаҩшәҟәы рыҭареи, иара убас 18 шықәса зхыҵхьоуи урҭ иреиҳабууи атәылауаа рҭаҩреи аамҭала иаанкылазароуп Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа нҵәаанӡа.


Read 106 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.