Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба «Аҭыԥантәи ахаланаԥхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгара арыцхә ашьақәырӷәӷәаразы» Аҳәынҭқарра Азакәан Иусԥҟа азинмчы ацәыӡит ҳәа аԥхьаӡаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
«Жәабранмза 19, 2025 шықәса рзы иҭыхьыз «Ареспублика Аԥсны аҭыԥантәи ахаланаԥхгаратә усбарҭақәа рдепутатцәа рзинмчы аҽҳәара ацҵаразы» Азакәан № 6129-с-VII инақәыршәаны, жәабранмза 06, 2025 шықәса рзы иҭыжьыз «Аҭыԥантәи ахаланаԥхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгара арыцхә ашьақәырӷәӷәаразы» Аҳәынҭқарра Азакәан Иусԥҟа №39 азинмчы ацәыӡит ҳәа иԥхьаӡазааит», – ҳәа иаҳәоит Аусԥҟа атекст.
Аҭыԥантәи ахаланаԥхара аусбарҭақәа рдепутатцәа рзинмчы аҽҳәара ацҵоуп рашәарамза 7, 2025 шықәсанӡа.
Жәабранмза 6 рзы иҭыжьыз, аха жәабранмза 19 рзы иаԥыхыз Аусԥҟа аҿы аҭыԥантәи ахаланаԥхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгара арыцхәны иарбан – мшаԥымза 6.