Иахьатәи аамҭазы аидарамҩангагатә транспорт ала аусдкылаҩцәа Урыстәылаҟа ииаргахьеит 45,5 тонна ашәҭ. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла аҳазалхратә гәаҭара иахысит 2,6 тонна ари аҵиаа хкы амахәқәа. Амимоза еиҳарак иргоит Краснодартәи атәылаҿацә, Москва, Санкт-Петербург, ақалақьқәа рахь.
Лассы иԥхасҭахар зылшо ашәҭ аалыҵ иарку аҭрақәа рыла, ирхьшәашәоу арежим ала ииаргоит. Аҳазалхыҩцәа ирласны аҳәаа ахыжьразы рхы иадырхәоит адокументқәа реиҿкаара зырманшәало ирмариоу апроцедурақәа.
Атранспорттә хархәагақәа ракәзар аидара ақәымхыкәа аамҭақәак ирылыршаны аҿыц технологиақәа рхархәарала агәаҭара мҩаԥыргоит.
Аиҳарак амимоза аиагара ҟалароуп жәабранмза анҵәамҭазы, хәажәкырамза актәи амшқәа рҟынӡа ихыркәшахароуп. 2024 шықәсазы Аԥсны иалганы импорт ҳасабла ииаргеит 240 тонн «ахьтәы» шәҭқәа.
Ҳазҭоу ашықәс азы амш бзиахар, иҳаҩсыз ашықәс азы ииагаз аҟара амимоза Аԥсны анҭыҵҟа агара алыршахар ҟалап.