Аҟәа. Жәабранмза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилкы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Беслан Карчаа аԥснытәи аспортсменцәа жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы қәҿиарала рықәгылара рыдиныҳәалеит.
Убас, ааигәа Египет имҩаԥысыз аԥкьаҭмпыл азы атурнир Egypt j30 Giza аҿы Асҭамыр Кациа аихацалакытә ҟазараҩаӡараҿы атурнир араӡнытә аԥхьахәгаҩыс дҟалеит. Аспортсмен Аԥсны абираҟ даҵагыланы дықәгылон.
Даҽа спортсменк Михаил Џьанба Афедералтә ҵакыра «Сириус» аҳәеилышьра азы Иаарту аԥхьахәгара аҿы ахьтәы медалқәа ҩба игеит. Аспортсмен 2011 шықәса рзы ииз аҷкәынцәеи 2010 шықәсазы иизи урҭ иреиҳабууи арԥарцәа рыбжьара иреиӷьу аспортсмен ҳәа далкаахеит.
Беслан Карчаа арԥысцәа дрыдныҳәаланы Аҳәынҭеилакы ахьӡала аԥаратә ҳамҭақәа ранеишьеит.
«Агәра ганы сыҟоуп, шәаԥхьаҟа ақәҿиара дуқәеи аихьӡара шьахәқәеи шышәзыԥшу, шәара иаашәырԥшуа алҵшәақәа ҳреспубликаҿы аспорт зхы азыско зегьы еиҳагьы агәазҭазаара рынаҭоит. Мҩамш, аманшәалара, еиҳау аихьӡарақәа шәахьа ишәзыԥшызааит!, - ҳәа иҳәеит Беслан Карчаа.