АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Жәабран.2025

Аԥсныҟа иаараны иҟоуп еиҭаҵуа амузеи «Аиааира Адәыӷба».

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 23 – 25 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа  аҿы Аиааира агара  80-шықәса ахыҵра иазку иуникалу еиҭаҵуа ацәыргақәҵа «Аиааира Адәыӷба».

Ари адәыӷба аҩныҵҟа еиҿкаау иеиҭаҵуа амузеи иҷыдалкаау аскульптурақәеи амультимедиатә ҭоурыхқәеи рыла игәылҭәаау атематикатә вагонқәа жәба рыла ишьақәгылоуп. 50 инареиҳаны авидеопроекторқәа, 18 авидеоҭӡқәеи 12 асенсортә столқәеи, алашаратәи абжьытәи аеффектқәа рхархәарала, аҭааҩцәа аибашьра аамҭа атмосфера агәылахалара, аибашьра ахҭысқәеи усҟантәи аамҭазы аҭынч аамҭеи хаҭала рнырраҿы ирыцхраауеит.

«Аиааира Адәыӷба» адунеи аҿы раԥхьаӡатәи еиҭаҵуа авагонеиԥшьыра аҿы аиммерсиатә инсталиацианы иҟоуп. Авагонқәа зегьы адраматә хҭысқәеи аҭоурыхтә фактқәеи ауаатәыҩсатә лахьынҵақәеи еилаҵо  хазы-хазы аҭоурыхқәа аанарԥшуеит.

Аԥсныҟа аара азы ҷыдала еиқәыршәан алагарҭатә (анольтә) вагон. Араҟа ицәыргақәҵоуп Аԥсны иалҵыз Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа афырхацәа рфырхаҵарақәа атәы зҳәо амультимедиатә експозициа. Аҭааҩцәа арҭ ауаа рҭоурых рдырыртә алшара роуеит. Урҭ дыруаӡәкуп Аҟәа ақалақь аҿы инхо, жәабранмза  10 рзы  100-шықәсатәи зиубилеи азгәасҭаз Алеқсеи Екуп-иԥа Лашәриа. «Аиааира Адәыӷба» жә-вагонк рыла ишьақәгылоуп.

Актәи авагон «Аҭынч аамҭа» аибашьра алагаанӡа аҭынч ԥсҭазаара аҵыхәтәантәи асааҭқәа ирызкуп.

Аҩбатәи авагон «Бресттәи абааш» аҭынч ԥсҭазаара асценақәа рҟынтәи ихьанҭоу аибашьра ареалтә хҭысқәа рахь аиасрала ахьамҵреи агәымшәареи  ирсимволны иҟоу Бресттәи абааш ахьчара аҭоурых аанарԥшуеит.

Ахԥатәи авагон «Афронт ахь адәыӷба» ахьӡуп. Уи усҟантәи амшқәа рзы иҟаз агәалаҟазаарақәеи ацәаныррақәеи рыиагарала зыԥсадгьыл ахьчара азы афронт ахь ицоз арԥарцәа ирыхцәажәоит.

Аԥшьбатәи авагон «Аконцлагерь». Ари авагон иаҳгәаланаршәоит анацисттә концентрациатә лагерьқәа рҿы иаарԥшхоз ампыҵахалыҩцәа ргыгшәыгра атәы. Аекспозициа ахықәкы хаданы иҟоуп аҭааҩцәа рыхшыҩзышьҭра анацистцәа рыцәгьоурақәа разырхара, усҟантәи аамҭа хлымӡаах агәалашәара аиқәырхара иаҵоу аҵакы ахадара, ҳаԥхьаҟа ас еиԥш иҟоу атрагедиақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы  акцент ҳасабла еиҵагыло абиԥарақәа уи рыхдырраҿы анагара.  

Ахәбатәи авагон «Асанитартә вагон». Араҟа ицәыргақәҵоуп аибашьраҿы ахәра зауз аибашьцәа  рыԥсҭазаара аиқәырхаразы рыхәышәтәра, напы рыдкыланы ахылаԥшра рыҭара  — ауаа рыԥсҭазаара аиқәырхара иадҳәалоу аинсталиациақәа.

Афбатәи авагон «Адәыӷба аҽыкәабарҭа-аӡәӡәарҭа», иаанарԥшуеит афронт аибашьцәа рсанитартә нормақәа рықәныҟәара азы иҟаз аҽыкәабарҭа-аӡӡәарҭатә дәыӷбақәа рыбзазашьа.

Абыжьбатәи авагон «Аштабтә вагон»  аоперациа «Багратион» еиԥш иҟаз аидыслара дуқәа рымҩаԥгара апланқәа ахьышьақәдыргылоз аштаб иазкуп.  

Аабатәи авагон «Иапонтәи амилитаристцәа рыцәгьоура» атәы аҳәоит, иапонтәи амилитаристцәа, ахәҭакахьала, «Аотряд 731» ацәгьоурақәа, иара убас  Чен Бенхуа реиԥш иҟаз афырхацәа урҭ рҿагылара атәы  аанарԥшуеит.

Ажәбатәи авагон «Аиааира, аҩныҟа ахынҳәра» аибашьра анҵәара символра азуа, ааԥын, 1945 шықәса рзы аиааирагаҩцәа-афырхацәа рыҩныҟа рыхынҳәра амомент аанарԥшуеит.  

Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа зегьы усҟантәи аепоха агәылахалара, агәалашәара амырӡра ҳажәлар рзы иаҵоу аҵакы аилкаара азы зеиӷьаҟам алшара аԥнаҵоит.

 

 

 

 


Read 128 times - Ахәаша, 21 Жәабран 2025 16:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.