АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Жәабран.2025

Жәабранмза 21 – аԥсуа литература апатриарх Дырмит Гәлиа иира Амш азгәарҭоит. день рождения патриарха абхазской литературы Дмитрия Гулиа.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 21 – аԥсуа литература апатриарх Дырмит Гәлиа иира Амш азгәарҭоит. (21.02.1874 – 07.04.1960).

Иахьа Аҟәа ақалақь, Р.Гәынба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы ашәҟәыҩҩ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Дырмитт Гәлиа ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба, Атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Дырмит Гәлиа илитература-мемориалтә аҩны-амузеи аусзуҩцәа, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи алахәылацәа, арҿиаратәи анаукатәи аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа, ауаажәларра.  

Дәырмит Иасыф-иԥа Гәлиа  диит жәабранмза 21, 1874 шықәса рзы Урача ақыҭан анхаҩы иҭаацәараҿы.

Азеижәтәи ашәышықәса аҩбатәи азыбжазы, амҳаџьырра аан ԥшьышықәса зхыҵуаз Д. Гәлиа иҭаацәеи иареи хырҵәаны, имҳаџьырцәаны, Османтәи аимпериа, Трабзон агаҿа инанагеит.

Дырмит иаб Урыс ааӡаб ихганы, 1878 шықәсазы иҭаацәа иманы уахьынтә дыбналаны Аԥсныҟа дхынҳәит. Ихырҵәаны ианыргоз иццышәыртәыз иҭыӡҭыԥ данахыла, «инхарҭа ҭыԥ аҿы анхара данақәиҭырымтә, уи аҭыԥ иамариашаны нырцә, ҿыц ихәышҭаара ашьапы икит».

Нырцә ҳәа Д. Гәлиа араҟа дызҿу Кәыдры армарахьтәи аԥшаҳәаҿы ишьҭоу, Аӡҩыбжьа ақыҭа ауп, амҳаџьырра иагаанӡа Дырмит иаб Урыс Кәыдры арӷьарахьтәи аԥшаҳәаҟны — Уарча — дынхон.

Аҩреи аԥхьареи иҵеит аашықәса данырҭагылаз, ақыҭаҿтәи апап иҟны: Гач ҳәа хәыҷы хьӡны изарҳәоз Д. Гәлиа уи ишҟа мчыбжьык ахьтә ҩымш-хымш дныҟәон. Убри инаркны Урыс Гәлиа иҷкәын хәыҷы диманы ҩышықәса Аҟәа Ашьхарыуаа ршкол ахь дцо-даауа дыбжьан, ашкол ашә дылагылан, иҷкәын дрыдыркыларц.

Ахышықәса раан, 1885 шықәсазы, Д. Гәлиа Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол апансионат (аинтернат) даанахәоит. Уи зеиӷьыҟам ала далгоит 1889 шықәсазы: ахыркәшаратә ԥышәарақәа раан ииҭиуаз жәа-маҭәарк рахьтә ааба рзы «ибзиаӡоуп» изықәдыргылт, ҩба рзы «ибзиоуп».

Иара убри 1889 шықәсазы, Д. Гәлиа, Қырҭтәыла, Гори (Хонтәи) ақалақь аҿы, Аахыҵ-Кавказтәи арҵаҩцәа рсеминариа дҭалоит, аха иҵара хиркәшартә еиԥш дзыҟамлеит: ԥшьымзҟа рышьҭахь ичымазара иахҟьаны иҵарагьы аанижьыр акәхеит.

Убарҭ ашықәсқәа раан изыҟалеит агәырҩа дугьы: 1891 шықәса жьырныхәа мзазы иан дыԥсит, 1893 шықәсазы — иаб, 1894 шықәсазы — ианду.

Урҭ ахҭысқәа апоет игәалаиршәоит абас: «Дук мырҵыкәа, абарҭ ашықәсқәа раан, сан дыԥсит. «Испанка» иагеит сандуи саби. Сара урҭ Кәыдры армарахьтәи аԥшаҳәаҿы аҵла ду амҵан анышә инаҭаны, аҩны ахадара ааныскылт. Сашьеи саҳәшьеи ааӡатәны исыман». Урт — Ивани Екатеринеи ракәын.

Абринахыс, егьа иҽазикызаргьы, Д. Гәлиа ҵараиурҭак дҭалартә дзыҟамлеит. «Абасала, — иҩуан иара, — сара ԥшьышықәсеи ԥшьымзи ракәын ашколқәа рҟны аҵара анысҵоз, иара уигьы инеиԥынкыланы акәымкәа... Уи ашьҭахь сара рҵаҩцәас исыман ашәҟәқәеи аԥсҭазаареи».

Арҵаҩцәа рсеминариахьтә даныхынҳә, Д. Гәлиа, зназы Екатериновка зыхьӡыз, Аҟәа иаԥныз қыҭак аҿы рҵаҩыс аус иуан. Уаҟа 1890-1891 шықәсқәа рзы аҵаҩцәа аурыс бызшәа иаирԥхьон.

1892 шықәсазы Ашьхарыуаа рышкол ахылаԥшҩы (иахьатәи ала — адиректор) К. Маҷавариани иареи иеицхырааны Қарҭ иҭрыжьуеит аурыс графика шьаҭас измаз «Аԥсуа нбан».

Уи ашьҭахь, Д. Гәлиа активла далахәын иара убри ашықәсан Аҟәатәи аепархиаҿы адинхаҵаратә шәҟәқәа аԥсышәала реиҭагаразы еиҿкааз Акомиссиа аусура.

Азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы анбан шәҟәы аԥҵара, иара убас аиҭагаратә ус нап анаиркы инаркны маҷ-маҷ ашьапы акуеит Д. Гәлиа ирҿиаратә, илитературатә усура. Изныкымкәа излаигәалаиршәоз ала, убасҟан ауп уи, уарлашәарла акәзаргьы ихатә жәеинраалақәагьы аԥиҵо даналага.

Убри апериод азы Д. Гәлиа аамҭакала Очамчыра аучасткаҿы, Аҟәа аокруг аначальник иусҳәарҭаҿы уҳәа ҭырџьманс (еиҭагаҩыс) акыр шықәса аус иуан, уахи-ҽни ауаажәлар дрылан, арзаҳалқәа, ашшыԥхьыӡқәа уҳәа рзеиҭеигон, дырзааԥсон.

1904 шықәсазы, Д. Гәлиа арҵаҩратә ҵараиурҭа дшалымгацызгьы, идырреи иԥышәеи ҳасаб рзуны, Кавказтәи Арҵаратә аокруг ахылаԥшҩы иҟнытә алагарҭатә школқәа рҿы азин иоуеит арҵаҩра.

Д.Е.Гәлиа жәлар ршкол арҵаҩы ҳәа ахьз анирҭа, рҵаҩыс аус иуан Кәтолтәи (1904-1905), Кындыӷтәи (1905-1908), Тамшьтәи (1908-1912) ашколқәа рҿы.

Дырмит Гәлиа илитературатә усура далагеит ХХ ашәышықәса раԥхьатәи ажәашықәса аҽеиҩшамҭазы. Уи аамаҭа иатәу раԥхьатәи иажәеинраалақәа, лымкаала «Хоџьан Ду» ажәлар даараӡа иргәаԥхеит, ирылаҵәеит.

1912 шықәсазы Тифлис иҭыҵуеит аԥсышәала иҩыз раԥхьаӡатәи Д.гәлиа ашәҟәы «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи» — «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи» - аԥсуа сахьаркыратә литература хацзыркыз, ауасхыр азышьҭазҵаз ашәҟәы. Уи епиграфс иамоуп: «Аҽы ԥсыр - адәы аҭынхоит, ауаҩы дыԥсыр - ажәа иҭынхоит».

1912 шықәсазы Д. Гәлиа диасуеит Аҟәаҟа, Араҟагьы ҩаԥхьа арҵаҩра ус хациркуеит, зны-зынлагьы ҩыџьара-хыџьара иусура еилеигӡоит. Аамҭакала аус иуеит: Аҟәатәи аҳәса ргимназиаҿы, Ашьхарыуаа рышкол аҿы (1912 шықәса), Ареалтә училишьче аҟны (1914), анаҩс, 1915 шықәса инаркны 1921 шықәса рҟынӡа аус иуеит Аҟәатәи арҵаҩцәа рсеминариаҿы (1921 шықәса инаркны асеминариа арҵаҩратә техникум ҳәа ахьӡырҵоит,

Абри асеминариаҿы Д. Гәлиа екстерн ҳасабла қәиарала аԥышәара дахысуеит, убри иабзоураны, иара излаигәалаиршәо ала, 1919 шықәсазы абжьаратәи аҵараиурҭақәа рҿы официалла арҵаҩра азин иоуеит. (Уи атәы акыр инарҭбааны иазааҭгылоуп «Зыхьӡ камшәо» зыхьӡу Х. С. Бгажәба ишәҟәы аҿы — Аҟәа, 1977 ш.).

 1918 шықәсазы Дырмит Гәлиа иҩуеит ажәабжь «Атәым жәҩан аҵаҟа». Дырмит Гәлиа игәалашәарақәа рҿы ишиҩуаз ала, ҽынла ашкол аҟны аус иуан, уахынла аҩымҭақәа иҩуан, Аԥсны аҭоурых ашәҟәы аус адиулон, аматериалқәа еидикылон.

Аԥсны аҭоурых актәи атом аҟны Дырмит Гәлиа иҽазишәеит аԥсуаа мысратәи (Египет) ахылҵшьҭра рымоуп ҳәа атеориа ашьақәырӷәӷәара. Аамҭақәак рышьҭахь уи атеориа ихаҭа дацәхьаҵит, уи иаартынгьы далацәажәон: «Уажәшьҭа ари атеориа сара садгылом, аха ус шакәугьы, агәра ганы сыҟоуп ари ашәҟәаҿы ишеизгоу имаҷымкәа хәарҭара злоу Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи аматериалқәа» (иҩуп 23 шықәса рышьҭахь — аред.).

Аҭҵаарадырра ахырхарҭақәа зегь хацзыркыз

Ажәа «раԥхьатәи» Дырмит Гәлиа аус здиулоз ахырхарҭақәа зегьы рҿы инаалоит. 1919 шықәсазы иҭыҵит раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны», редакторс Дырмит Иасыф-иԥа дызмаз. Убасгьы, иара иоуп Аҟәатәи арҵаҩратә семинариаҿы еиҿызкааз раԥхьатәи адраматә кружок «Ашаеҵәа». Дырмит Гәлиа иаԥшьгаралоуп 1921 шықәсазы иаԥҵаз раԥхьатәи аԥсуа театртә труппа Аԥсны ақыҭақәа рҿы ақәгылара ишалагаз. Урҭ ррепертуар азы иаарццакны аурысшәеи ақырҭшәеи рҟынтә аԥсшәахь еиҭеигахьан акыр аводевильқәеи, иара убасгьы апиеса «Наунагӡа ахақәиҭра!». Гәлиа ихаҭа ишигәалаиршәоз ала, «адраматә труппа ақыҭақәа рҿы рықәгыларақәа ныҳәак иаҩызан».

Убарҭ ашықәсқәа раан Д. Гәлиа ауасхыр азышьҭеиҵоит аԥсуа периодикатә кьыԥхь — шьаҭаркҩыс дамоуп 1919 шықәса жәабран 27 рзы иҭыҵыз агазеҭ «Аԥсны». Иара иоуп уи раԥхьатәи аредакторгьы (1919-1921).

Уи аамҭа апоет абас игәалаиршәоит: «Иакымкәа-иҩбамкәа ашколқәа рҿы аус зуан, уахык ала ҩышә тетрад ирыгыу ирыбзоу саналгалакь ашьҭахь акәын алитература аус нап анасыркуаз, хазы, «Аԥсны аҭоурых» ҳәа изҩырц иҟаз ашәҟәы азгьы аматериалқәа реизгара саҿын».

Арҵаҩцәа рсеминариаҿ акәзар, иҵаҩцәа (И. Когониа, М. Аҳашба, Ив. Папасқьыр, Ӡ. Дарсалиа уҳәа) ицырхырааны иаԥшьигоит анапылаҩыратә журнал «Ашарԥы-еҵәа». Арҵаҩратә семинариа аҵаҩцәа рымчала иеиҿикаауеит адраматә кружок. Уи иахылҿиааит Д. Гәлиа дызхагылаз раԥхьатәи Еиҭаҵуа Аԥсуа театр.

 1921 шықәсазы, Аԥсны асовет мчра анышьақәгыла, мшаԥымза инаркны Дырмит Есыф-иԥа днарыԥхьоит Ареспублика ҿыц анапхгара ашҟа — Ареволиуциатә Комитет (Аревком) Жәлар рҵара аҟәшахьы. Араҟа уи аԥсуаа рҵарадырра иазку аҟәша еиҳабыс даман. Хықәкыла арҵага шәҟәқәа реиҭагареи, реиқәыршәареи аус рыдиулон, аҵарадырра аус ашьҭыхра дазааԥсон.

Иара убри ашықәс нанҳәамза инаркны Д. Гәлиа Аԥсны Аҵара ус азы Жәлар ркомиссариат Амилаҭқәа рыҟәша Аԥсуа секциа дахагылоит, уаҟагьы инапы ианын аҵарадырра, ашәҟәҭыжьырҭа, асахьаркыратә литература, аиҭагара.

Иара убас 1921 шықәсазы уи ирҿыцны еиҿикаауеит Аԥсны ақыҭақәа рҿы анхаҩы жәлар рҿаԥхьа иқәгылоз, аларҵәара ду змаз Еиҭаҵуа Аԥсуа театртә гәыԥ. Д. Гәлиа иаԥиҵаз 

атеатр урҭ ашықәсқәа раан Гәдоуҭеи Очамчыреи араионқәа ирыҵаркуа ақыҭақәа жәпакы рҿы аспектакльқәа рыманы иқәгылон, аларҵәара дугьы аман. Аамҭакала Д. Гәлиа аус шиуц иуан Аҟәатәи арҵаҩратә техникум аҿы, имҩаԥигон акрызҵазкуаз еиуеиԥшым ауаажәларратә усура.

1924-1926 шықәсқәа рзы Д. Гәлиа Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥсуа бызшәа акурс дырзаԥхьоит, убри инацҵаны, излаигәалаиршәо ала, аԥсуаа рҭоурыхгьы рзеиҭеиҳәоит. Қарҭынтәи Аԥсныҟа даныхынҳә, Аԥсны аиҳабыра рҿы еиҭагаҩ ҷыдас дҟарҵоит, аԥсышәала аусмҩаԥгара ашьақәыргылара дацхраауеит. 1926-1928 шықәсқәа рзы Аԥсуа рҵаҩратә техникум аҿы аҭоурых дирҵоит, аԥсуа алфавит аԥсахразы имҩаԥысуа аусура активла ихы алаирхәуеит. .

1927 шықәса жьырныҳәазы Д. Гәлиа бжьыҭирала далырхуеит Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа ахантәаҩыс (академиа еиҿкаан 1925 шықәсазы ауаажәларратә хаԥшьгарала, академик Н. Марр ибзоураны).

Д. Гәлиа уаҟа аус иуан 1930 шықәса рҟынӡа - Академиа ацынхәрас Аԥсуа бызшәеи алитературеи ирызку аҭҵаарадырратә-еилкааратә институт (ашьҭахь - АБНИИ) еиҿкаахаанӡа.

Уи анеиҿкааха инаркны, Д. Гәлиа аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩцәа дыруаӡәкын, аус иуан иԥсҭазаара далҵаанӡа: 1938 шықәса рҟынӡа ҭҵаарадырратә усзуҩын, 1938 шықәса инаркны, Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Апрезидиум излашьақәнарӷәӷәаз ала, ҭҵаарадырратә усзуҩы усзуҩы еиҳабыс.

30-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭанӡа Д. Гәлиа иҭҵаарадырратә усура инаваргыланы, рҵаҩыс аус шиуц иуеит Аҟәатәи еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рҿы, 1938 шықәса инаркны Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт адоцент ҳәа ахьӡ ихҵоуп.

1937 шықәсазы Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Апрезидиум иҟанаҵаз ақәҵарала, аԥсуа бызшәеи афольклори ирызкыу иҭҵаарадырратә усумҭақәа рзы Д. Гәлиа адиссертациа имырхьчаӡакәа ианашьан аетнографиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҭҵаарадырратә ҩаӡара.

1927 шықәса инаркны Д. Гәлиа Аԥсны Анагӡаратә Центр акомитет (ЦИК) аилазаара далан.

1928 шықәсазы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа далалоит, 1934 шықәсазы — СССР ашәҟәҩҩцәа Реидгыла.

1929 шықәсазы Д. Гәлиа ихҵан Аџьа Афырхаҵа ҳәа аҳаҭыр хьӡы, 1937 шықәсазы - Аԥсны жәлар рпоет ҳәа ахьӡ ҳаракы.

Дырмит Гәлиа Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилазаарахь депутатс далырххьан ԥшьынтә: 1938 шықәса (актәи ааԥхьара), 1947 шықәса (аҩбатәи ааԥхьара), 1951 шықәса (ахԥатәи ааԥхьара), 1955 шықәса (аԥшьбатәи ааԥхьара); 1942 шықәса ԥхынҷкәын мза инаркны Аԥсны АССР Иреиҳазоу Асовет Апрезидиум аилазаара даларҵеит, Аԥсны Иреиҳазоу Асовет депутатс дыҟанаҵгьы уи аилазаара далан.

1949 шықәсазы Дырмит  Гәлиа ианашьан Ленин иорден.

Д. Гәлиа ҩынтә СССР Иреиҳазоу Асовет ашҟа депутатс далырххьан: 1954 шықәса (аԥшьбатәи ааԥхьара), 1958 шықәса (ахәбатәи ааԥхьара).

1957 шықәсазы Дырмит Гәлиа Ленин ихьз зхыу апремиа аиуразы дықәыргылан (агазеҭ «Известиа», жьырныҳәа 17, 1957 ш.).

1957 шықәсазы, 83 шықәса зхыҵуаз апоет иаԥиҵоит иреиӷьу ипоезиатә рҿиамҭақәа руак: «Абри соуп сара».

«Камаҷыҷ» — Дырмит Гәлиа ипрозатә ҩымҭақәа рҟынтә зегь реиҳа ихадоу аԥҵамҭоуп. Алитературадырцәа уи аҩымҭа жанрла ароман иахырԥхьаӡалоит. Ари аҩымҭа Гәлиа хышықәса аҩра даҿын, дагьалгеит 1940 шықәсазы. Аспециалистцәа ргәаанагарала, ароман аҟны ӷәӷәала иуныруеит афольклортә естетика, иара убасгьы Гәлиа ахархәара рацәаны ирыиҭоит аетнографиатә материалқәа.

«Камаҷыҷ» — иуҳәар ҟалоит, усҟантәи аамҭазы иҟаз алитература, ақьабзқәеи аҵасқәеи, Аԥсуара амилаҭтә етикеи мап ацәызкуаз иаҿагылеит ҳәа. Дырмит Гәлиа аетнографиатә материалқәа инарҭбааны ихы баша иаирхәомызт, уи хықәкыс иман ажәлар ретнографиатә хаҿсахьеи, рҭоурыхи, рфилософиеи раарԥшра», — ҳәа иҩуеит ароман иазкны афилологиатә ҭҵарадыррақәа рдоктор Виачеслав Бигәаа.

Гәлиа ипоезиатә рҿиамҭақәа рҟынтәи лассы-лассы иалыркаауеит апоема «Сара схәышҭаара», автобиографиатә шьҭақәа злоу аԥҵамҭа. «Даара игәыҭшьагоуп, ахатә драма рацәоуп, — иҩуеит апоема иазкны апоет иҷкәын Гьаргь Гәлиа, — убасгьы иара иаанарԥшуеит аԥсуа жәлар ирхыргаз арыцҳара ду. Ҟалашьа амоума ухатә трагедиа, ужәлар рытрагедиа аҽаҟәыҭхра?».

Дырмит Гәлиа иџьабаа рацәоуп аиҭагараҿгьы: аԥсшәахь еиҭеигахьан Аԥшьаҩыра, Пушкини Лермонтови рҩымҭақәа, иара убасгьы ақырҭуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы раԥҵамҭақәа, Шоҭа Русҭавелигьы уахь дналаҵаны.

Дырмит Гәлиа аиҭагақәа акыр ахшыҩзышьҭа аиҭон, еиҳаракгьы ауахәаматә шәҟәқәа. Аиҭагаратә комиссиа алахәҩы иаҳасабала аџьабаа рацәаны иадиҵеит Аԥшьаҩыра аԥсшәахь аиҭагара.

 Аԥсуа литература абду Дырмит Гәлиа иԥсҭазаара далҵит 86 шықәса дшырҭагылаз, мшаԥымза 7, 1960 шықәсазы.

1963 шықәсазы аҟәатәи апарк аҿы агәиԥшшәзмоу агранит иалхны асахьарҭыхҩы-аскульптор Гиви Рухадзеи ипроект ала аибаҟа ргылан. Аха 2000 шықәсазы авандализм акт иахҟьаны абаҟа аԥырхага арҭеит.  2009 шықәсазыуи аҭыԥ аҿы аскульпьор Станислав Иванба ипронеь ала иҟаҵаз абаҟа ҿыц дыргылеит. Аграниттә постамент аҿы иқәыргылоу кавказтәи ауапа ала еилаҳәоу апоет исахьа зну  аџьз иалху абаҟа. Агәалашәаратә мшқәа раан арахь иааиуеит аԥсва поезиа абдиабаҩцәа.

Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа иԥсҭазаара алҵра маҷк шагыз инапала ииҩыз ихатә биографиа зынӡа ихәыҷуп, иажәақәа рыла, ихылҵшьҭрақәа азҵаарақәак рызцәырҵуазар, ипоезиеи ипрозеи рҟны аҭак рыԥшаар рылшоит.

 «Аԥсны алитературеи, арккареи, акультуреи хәы змаӡам зџьабаа аду ауаҩы дызнысыз иԥсҭазааратә мҩа аихшьала ҟаҵо иҳәеит: «Ҿхырцәажәарада исҳәаратәы сыҟоуп: исылшаз зегьы сгәалаҟоуп ҳәа, избан акәзар сус еснагь гәыкала саҿын. Аха еиҳагьы ҟасҵар ҟаларын, уи аамҭазы еиҳа ихадоу еилкка избозҭгьы, еилыскаауазҭгьы. Сымчқәа сыԥсаҟьеит аҭҵаарадырреи алитературеи сышрыбжьаз. Иҟалап, алитература мацара сҽазыскызҭгьы еиҳа еиӷьхар? Ус акәзаргьы ҟалап. Иарбанзаалак аус, зегь раԥхьа унапы аналаукуа, умчқәа еиҳа иуԥсаҟьоит, аусурагьы ахырхарҭақәа рацәамхар ауам. Уи ганкахьала ибзиоуп, аха даҽа ганкахьла ибзиаӡам».

 

 

 

 


Read 176 times - Ахәаша, 21 Жәабран 2025 16:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.