АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Жәабран.2025

14 ӷба аԥсыӡкра аԥҟарақәа реилагаразы ахараԥса дыршәахоит.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 14 ӷба аԥсыӡкра аԥҟарақәа реилагаразы ахараԥса  дыршәахоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит аекологиа азы Аҳәыфнҭеилакы аофициалтә саит.

Аԥсны ақамшьиа акразы азин рымоуп жә-наплакык. Урҭ рахьнтә ф-наплакык рыӷбақәа аԥсыӡкра аԥҟарақәа реилагаразы ахараԥса дыршәахоит. Убас:

– Аилазаара «Сухрыбхоз» иатәу ԥшь-ӷбак ирықәҵоу ахараԥса аицҵалыҵ  12 нызықь рҟынӡа инаӡоит, аӷбақәа руак аҟынтәи иҟалаз азарал аицҵалыҵ - 600 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

– Анаплакы «Дениз» аилазаара иатәу ҩ-ӷбак – ирықәҵоу ахараԥса аицҵалыҵ  6  нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аӷбақәа руак аҟынтәи иҟалаз азарал аицҵалыҵ - 60 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

– Аилазаара «Абхазморпрома» иатәу аӷбақәа хԥа – ирықәҵоу ахараԥса аицҵалыҵ  9  нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аӷбақәа руак аҟынтәи иҟалаз азарал аицҵалыҵ - 180  нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

– Аилазаара «Хамса» иатәу ӷбак – иақәҵоу ахараԥса аицҵалыҵ  3  нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аӷбақәа руак аҟынтәи иҟалаз азарал аицҵалыҵ - 120 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

– Аилазаара «Блэк Си Фиш» аӷбақәа хԥа  – ирықәҵоу ахараԥса аицҵалыҵ  9  нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аӷбақәа руак аҟынтәи иҟалаз азарал аицҵалыҵ -  120  нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

– Аилазаара «Сухрыбкомбинат» ииатәу ӷбак – ирықәҵоу ахараԥса аицҵалыҵ  3  нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аӷбақәа руак аҟынтәи иҟалаз азарал аицҵалыҵ - 120 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Уажәаԥхьагьы зусураҿы аилагарақәа ыҟаз  ӷбақәак  24 -48 сааҭ рыҩныҵҟа аԥсыӡкра азин рымхуп.


Read 118 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.