Аицлабрақәа аартуа, «Москва Аҩны» адиректор иабжьгаҩ Борис Наҟоԥиа иҳәеит:
«Иахьа ҳара шьҭа традициала ишьақәгылахьоу, ашахиатқәа рзы ахԥатәи ареспубликатә турнир мҩаԥаагоит. Уи ааигәа иазгәаҳҭараны иҟоу Аԥсадгьыл Ахьчаҩ Имш иазкуп. Шәара ижәдыруеит, 2025-тәи ашықәс Аԥсадгьыл ахьчаҩ ишықәсны ирылаҳәоуп. Сынтәа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы аиааира агара 80-шықәса ахыҵуеит. Арҭ Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи иаҳзеиԥшу аҭоурых еидызкыло арыцхәқәа роуп. Аԥсны ахәыҷы инаркны аду иҟынӡа зегьы ари акыр зҵазкуа ахҭыс азгәарҭоит».
Борис Наҟоԥиа иажәақәа рыла, сынтәа атурнир ҵыԥх аасҭа еиҳа акомандақәа рхы аладырхәуеит.
Москва Аҩны адиректор Алеқсандр Бигәаа атурнир алахәылацәа дрыдныҳәалеит, ақәҿиарақәагьы рзеиӷьаишьеит.
«Иацы имҩаԥысит ахәыҷтәы шахматтә турнир. Аԥсны аганқәа зегьы рҟынтәи ахәыҷқәа рыхәмаршьа аадырԥшырц иааит. Гәахәара дууп ари ахәмарра шьахә зхы-згәы азцо абиԥара ахьеиҵагыло абара», – ҳәа иҳәеит иара.
«Актәи ашықәс азы алахәылацәа реизгара акыр иуадаҩызҭгьы, уи аамҭақәак рышьҭахь хәыҷы-хәыҷла еиҳа имариахеит. Ишьақәгылеит акомандақәа, ари атурнир агәыцә шьақәгылеит. Алеқсандр Анатоли-иԥа (А.А.Бигәаа – ред. АП азгәаҭара) ари ахәмарра шьахә зхы-згәы азцо абиԥара еиҵагылоит. 600-ҩык инареиҳаны асекциақәа рҿы ашахматқәа рҽазыҟарҵоит. Уи уамеигәырӷьар залшаӡом», – ҳәа иҳәеит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба.
Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа ихьӡала атурнир алахәылацәа дрыдныҳәалеит Вадим Кәартаа.
«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, азин сышәҭозар, атурнир алахәцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, ирыдысныҳәалар сҭахуп Аԥсадгьыл Ахьчаҩ Имшныҳәа. Ари аныҳәа абиԥарақәа зегьы рзы Аԥсадгьыл ахь абзиабареи амаҵ ауреи иасимволны иҟоуп. Жәабранмза 23 – ари иҷыдоу рыцхуп Асовет Ар аҿы арратә маҵзура иахысуаз, аибашьра иахысыз, уажәы Аԥсадгьыл ахьчараҿы игылоу рзы. Зегьы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, имариам рус аҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп иарбоу аусмҩаԥгатә еиҿызкааз зегьы. Ари аусмҩаԥгатә "Москва Аҩны» аҿы изныкымкәа имҩаԥысхьеит. Уи аиҿкаареи зегьы рхы аарԥшразы алшара рзаԥҵареи рзы иҭабуп идуӡӡаны», - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны Афырхаҵа Зураб Ҳаџьымба убасҵәҟьа зегьы иааиуа аныҳәа – Аԥсадгьыл Ахьчаҩ Имшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Ашахматтә турнир аӡбаҩ хада Альберт Карапетиан алахәылацәа зегьы ахәмарра арегламенти аԥҟарақәеи ртәы рзеиҭеиҳәеит.