
pressadmin-2
Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ “Ԥсоу” аҿы аиҿахысра азы игәҩароу х-ҩык ауаа ааныркылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа рашәарамза 23 рзы Аҳазалхратә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы аиҿахысра иалахәыз рыбыжьҩык рхаҭара шьақәдыргылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
«Аԥснымедиеи» «Татмедиеи» ирыбжьоу аусеицура дырӷәӷәоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә ҳәынҭқаратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» аусзуҩцәа амедиа-холдинг анапхгаҩы Роберт Џьопуа ицны Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь Ҟазан иҟоуп. Ари аҭаара ахықәкқәа иреуоуп – аинформациа ала аимадара аганахьала аусеицура арӷәӷәара.
Иҳаҩсыз ашықәс азы «Аԥснымедиа» аделегациа раԥхьаӡа акәны Ҭаҭарсҭан иаҭааны ареспублика аҳәынҭқарратә массатә информациатә хархәагақәа зегьы еидызкыло акционертә Еилазаара «Татмедиа» аҟынтәи рколлегацәа рыҽрымардеит.
«Апснымедиа» адиректор Хада Роберт Џьопуа иажәақәа рыла, ари аҭааара хықәкыс иамаз ҭаҭартәи амедиа амадареи «Татмедиа» иарҳаз аԥышәа рыҿцаареи ауп.
Иҳаҩсыз ашықәс абҵарамзазы «Татмедиа» аҟынтәи ҳколлегацәа «Апснымедиа» ажурналистцәа рзы онлаин арежим ала асеминарқәа мҩаԥыргеит, анаҩс Аԥсныҟа иааит рԥышәа ала аиамадара абжьаҵара азы.
Уажәы «Аԥснымедиа» ажурналистцәа «Татмедиа» аԥышәа амадара адагьы Аԥсны амилаҭтә командагьы злаху Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рҟытәи арепортажқәа рыҟаҵаразгьы алшара рыман.
Агазеҭ «Аԥсны» акоординатор Кристина Инаԥшьба агазеҭ аредакциа аусура атәы аилкааразы алшара лзаԥҵан, араҟа лыблала илбеит агазеҭ даҟьала аиқәыршәара еиҳа еиӷьны аҟаҵара шауа, иҿыцу аҟаҵашьақәа (априомқәа), иара убас асоциалтә ҳақәа рҿы акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәеи асаит амҩаԥгара иамоу аҷыдарақәеи ртәы лзеиҭарҳәеит.
«Аԥсныпресс» ажурналист Аманда Касланӡиа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рҿы иҟаз аусмҩаԥгатәқәа рзы адырраҭарақәа ҟалҵон, раԥхьа иргыланы аԥснытәи аспортсменцәа злахәыз. Лара иара убас даҭааит аинформациатә агентра «Татар-информ» аредакциа. Аредакциа аҿы лколлегацәа илзеиҭарҳәеит аспорттә усмҩаԥгатәқәа рҟынтәи арепортажқәа реиқәыршәара азы ирымоу адыррақәа ртәы.
«Аԥышәеимадара, ари ианакәызаалак иҿыцу џьара акы аилкаареи иҿыцу џьара акы атәы аиҭаҳәареи рзы зеиӷьаҟам лшароуп», - ҳәа илыԥхьаӡоит Аманда Касланӡиа.
Аинформациатә Маҵзура «Татар-информи» асаит «Интертати» ҭаҭартәи аредакциа аредактор хада Рамис Латыпов, аԥышәеимадара дарбанызаалак ажурналист иԥсҭазаара аҿы даара акыр зҵазкуа процессуп ҳәа иазгәеиҭеит.
30 шықәса раԥхьа Аԥсны иаларгалеит абжьаҟазаратә мчқәа рырхәҭақәа.
Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 21 рзы аԥсуа-қырҭуатә еиҿагылара азона аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара азы Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара Аколлективтә мчрақәа реилазаараҿы иҟаз урыстәылатәи абжьаҟазаратә архәҭақәа Аԥсныҟа ралагалара иадҳәалаз акыр зҵазкуаз ахҭыс ҟалеижьҭеи 30 шықәса ҵуеит. Аԥсны абжьаҟазаратә операциа 1994 шықәса инаркны 2008 шықәсанӡа имҩаԥысуан. Урыстәлатәи аҭынчратә аоперациа, «Ахымца аанкылареи амчқәа реиҟәгареи» рзы лаҵарамза 14, 1994 шықәса рзы знапаҵыҩра мҩаԥгаз Москватәи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, рашәарамза 21, 1994 шықәса рзы ихацыркын. Иара иазԥхьагәанаҭон аҭынчра ашьақәыргылара азы Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара Аколлективтә мчрақәа раԥҵара, аха аус аҿы 14 шықәса рыҩныҵҟа абжьаҟазаратә операциа амҩаԥгара иадҳәалаз ақәыӷәӷәара зегьы Урыстәылатәи Афедерациа аруаа роуп иназыгӡоз. Абжьаҟазаратә архәҭақәа Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа рхадацәа Рхеилак амандат иақәныҟәаны ауп рмиссиа шынарыгӡоз. Дара еиҿагылаз аганқәа реидыхра ацәаҳәа зегьы иахьаҵанакуа игылан, зыбжьазаара 85 километр, зыҭбаара 24 километр рҟынӡа инаӡоз аҵакыра ахылаԥшра арҭон. Урҭ ртәарҭа ҭыԥны иҟан Қырҭтәыла иаԥну Гал араион.
Рыцҳарас иҟалаз, ари амиссиа рыԥсҭазаара ақәырҵеит 117-ҩык урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа. Аԥсны абжьаҟазаратә миссиа назыгӡоз абжьаҟазаҩцәа рзы раԥхьатәи абаҟа ргылан Аҟәа, аԥсуа-қырҭуатә еиҿагылара азона аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара азы Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара Аколлективтә мчрақәа рыштаб ахьыҟаз, МВО ҳәа изышьҭоу Москватәи арратә Округ иатәу ԥасатәи арратә гәабзиарачаԥарҭа «Аҟәа» адгьылҵакыраҟны. Абаҟа ахаҳә иагәыԥҟаауп ари амиссиа зыԥсҭазаара ақәызҵа 117-ҩык урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рыхьӡқәа. Урыстәылатәи абжьаҟазаратә архәҭақәа Аԥсны ралгара иалагеит жьҭаарамза 20, 2008 шықәса рзы, Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь. 14 шықәса ирҭагӡаз Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аҭынчра ашьақәгылара азы аколлективтә мчрақәа реилазаараҿы имҩаԥысуаз абжьаҟазаратә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны араҟа арратә маҵзура нарыгӡон 70 - нызықьҩык аруаа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Аҳаир-десанттә архәҭақәа, Урыстәыла Арра-ҳаиртә мчрақәеи Арра-мшынтә флоти рыруаа, аҳақьымцәа, ауаажәларратә специалистцәа. Урҭ зегьы Аԥсны имариамыз аҭынчратә маҵзура анагӡара иаҿын, дара аҭынч уааԥсыра ашәарҭадара иацәыхьчо ахаҵара, апрофессионализм аадырԥшит. 2,5 нызықьҩык урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьахеит. Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа Аԥсны инарыгӡаз ароль атәы далацәажәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Олег Аршба: ««Ахымца аанкылареи амчқәа реиҟәгареи» рзы лаҵарамза 14, 1994 шықәса рзы имҩаԥгаз Москватәи аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра – ари даара акыр зҵазкуаз политикатә шьаҿаны иҟалеит. Ақырҭуа ган уи анапаҵыҩра ахы ахьаланархәыз аибашьра аиҭалагара азы агарантиақәа шьақәнаргылон. Урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчқәа аԥсуа-қырҭуатә еибашьра аҵыхәа ԥырҵәеит. Ҳара маҷк аԥсеивгаразы, анаҩс иҳаԥсҭазаашьахо азхәыцра азы алшара ҳауит. Аполитикатә мчрақәа ас еиԥш ашьаҿа ҟарҵазар, уи иаанагоз рымчқәеи рылшарақәеи, насгьы иҟоу аҭагылазаашьеи ҳасаб азуны рхы мҩаԥыргон ҳәа ауп. Ари аиашазы аихьӡара дууны иҟалеит».
Аҟәа ақалақь аҿы урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа ҳаҭырла иргәаладыршәеит.
Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.
Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа ргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
14 шықәса ирҭагӡаз Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аҭынчра ашьақәгылара азы аколлективтә мчрақәа реилазаараҿы имҩаԥысуаз абжьаҟазаратә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны араҟа арратә маҵзура нарыгӡон 70 - нызықьҩык аруаа, урҭ рахьынтә 117-ҩык Аԥсны ашәарҭадареи аҭынчреи рышьақәгылара рхы ақәырҵеит.
Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аԥҵара Амш иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәуеит.
Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аԥҵара 32- шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысуеит. Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәуеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Атәыла Адҵаҟаҵаҩ Хада Иусбарҭа ахыбра аҿаԥхьа рахьӡа акәны иԥылеит Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аԥҵара амш аламҭалазы Амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбар идҵала иаԥҵаз аҳаҭыртә ҟарул арота.
Дмитри Дбар: «Агәра ганы сыҟоуп, Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аусзуҩцәа аринахысгьы Аҳәынҭқарреи ауаажәлари рыхьчаразы рыжәҩа иқәу аус ҷыда ҭакԥхықәрала ишазнеило».
Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура ахатәы еилазаареи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәелеит.
Атәыла адҵаҟаҵаҩ Хадеи асасцәеи рахь ихы рханы, иара, ахәҭакахьала иҳәеит:
«Ари амш азы ҳара раԥхьаӡа иргыланы иаҳгәалаҳаршәоит иуадаҩыз аибашьратәи аибашьрашьҭахьтәи аамҭақәа рзы ахачҳареи ахамеигӡаеи аарԥшуа Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аԥҵара ахыҵхырҭаҿы игылаз.
Атәыла Анапхгара атуристтә усура азы иҟоу азакәанԥҵара аиҭакрақәа ралагалара азԥхьагәанаҭаӡом.
Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рзанааҭтә Еидгылара ахаҭарнакцәа, аекономика аминистр Кристина Озган, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа, аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа анапхгаҩы Русҭам Латипов, аԥыза-министр ицхырааҩ Дмитри Шамба алархәны аиԥылара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит ареспублика атуристтә усхкы знапы алаку ауаа агәҭынчымра рызцәырызго азҵаарақәа, ахәҭакахьала Аԥсны акредитациа змам агидцәеи аекскурсиамҩаԥгаҩцәеи изакәанымкәа русура иадҳәаланы.
Аҳазалхратәи аҳәаахьчаратәи маҵзурақәа рнапхгаҩцәа иазгәарҭеит Аԥсны иҭаҩу автомашьынақәа аҳәаа рахысраҿы иҟоу ауадаҩрақәа зыхҟьо аԥсшьаҩцәа ахьырацәоу шакәу. Убри аан иазгәаҭан аԥснытәии урыстәылатәи аус иазку амаҵзурақәа ицәырҵуа ауадаҩрақәа рыӡбаразы ирылшо зегьы шыҟарҵо.
Агидцәеи аекскурсиамҩаԥгаҩцәеи рзанааҭтә еилазаара ахаҭарнакцәа Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы атуристтә усхк азы азакәанԥҵарахь аиҭакрақәа ралагалара азҵаара ашьҭыхра азԥхьагәаҭаӡам ҳәа адарра рыҭан.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ԥасатәи арратә гәабзиарачаԥарҭа адгьылҵакыраҟны игылоу урыстәылатәи абжьаҟазацәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит.
Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа, аԥсуа-қырҭуатә еиҿагылара азона аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара азы Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара Аколлективтә мчрақәа рыштаб ахьыҟаз ԥасатәи арратә гәабзиарачаԥарҭа адгьылҵакыраҟны игылоу урыстәылатәи абжьаҟазацәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит.
Урыстәылатәи абжьаҟазаратә операциа Аԥсны имҩаԥысуан 1994 шықәса инаркны 2008 шықәсанӡа, ихыркәшан Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра аназханаҵа анаҩс.
Урыстәылатәи абжьаҟазацәа ҳаҭырла ргәаларшәара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа, Аиҳабыра алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра.
Аслан Бжьаниа: урыстәылатәи абжьаҟазаратә архәҭақәа ралагалара еиԥш иҟаз аҭоурыхтә шьаҿа аԥсуа дгьыл аҟны акыраамҭа иззыԥшыз аҭынчреи аҭышәныртәалареи рус уасхырны иаиуит.
Аҟәа. Рашәарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны абжьаҟазаратә мчқәа ралагалара 30 шықәса аҵра инамаданы Аҟәа ақалақь урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара иазкыз аусмҩаӷатә далахәын.
Аусмҩаԥгатә аҟны Аслан Бжьаниа ажәахә ҟаҵо, иазгәеиҭеит:
«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа абжьаҟазаратә контингент аларгалеижьҭеи 30 шықәса ахыҵра иазку акрызҵазкуа арыцхә. Рашәарамза 21, 1994 шықәса рзы урыстәылатәи абжьаҟазаратә архәҭақәа ралагалара иадҳәалаз акыр зҵазкуаз ахҭыс ҟалеит. Ас еиԥш иҟаз аҭоурыхтә шьаҿа аԥсуа дгьыл аҟны акыраамҭа иззыԥшыз аҭынчреи аҭышәныртәалареи рус уасхырны иаиуит.
Аолимпиада «Аҳаракырақәа рахь амҩа 2024!» аихшьаалақәа рыла 109-ҩык алахәылацәа рзы адкыларатә ԥышәарақәа рыда ААУ аҭаларазы абжьгара ҟаҵоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы ашколхәыҷқәа ролимпиада «Аҳаракырақәа рахь амҩа 2024!» аҿы аԥхьахәқәеи аиааиреи згаз аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, ауаажәларратәии аполитикатәи аусзуҩ, Ауаажәларратә Палата алахәыла Сократ Џьынџьал, араионқәа аҵара ҟәшақәа рнапхгаҩцәа.