pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа иацҵахеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи рсуратә еиԥылара. Уи иара убас иалахәын асоциал-економиатә усеицура азы аԥсны-урыстәылатәи Анапхгарабжьаратәи акомиссиа ахаҭарнакцәеи Урыстәыла анагӡаатә мчра афедералтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи.   

Аганқәа ирзааҭгылеит иааиуа ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭа азы афымцамч азымхара азԥхьагәаҭареи уи ахарҭәаара амеханизмқәеи ирыдҳәалоу апроблемақәа. 

Аспециалистцәа хазы игоу аконсультациақәа мҩаԥыргеит Аԥсны афымцамчи атранспорти Рминисрра аҿы.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсныҟа иааны иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра аделегациа. Уи напхгара аиҭоит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри  Вольвач. 

Иахьа Аинвестициатә Программа ахарџь ала зфинансыркра мҩаԥысуа аобиектқәа рҭаара алагеит Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ала. Иарбоу апроект анагӡара хацыркын ҳазҭоу амыз азы.

Ари аусмҩаԥгатә афинансыркра алимит –  651,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 65 шьҭаларҭа ахьыҟало, зымҽхак   4550,79 ԥшьыркцатә метр рҟынӡа инаӡо, х-еихагылакны иҟало ахыбра  хы-шықәса рыла аргылара азԥхьагәаҭоуп.

Апроект иазоужьу аҵакыра 10 850 ԥшьыркцатә метр рҟынӡа инаӡоит.

Ахәышәтәырҭаҿы иҟалоит адиагностикатә ҟәша, аԥҟаратә ҟәша, ихадоу азҩыдатәратә ҟәша, алабораториа, амаҵзура-бзазаратә уадақәа, ахәыҟаҵарҭатә блок.

Ахыбра актәи аихагыла аҿы иҟалоит адкыларҭа, ашәҟәҭаҩратә ҟәша (арегестратура), ахәаԥшратә кабинетқәа, арентген-диагностикатә ҟәша, аклиника-диагностикатә ҟәша, ахәыҟаҵарҭатә блок. 

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи ахәыҷтәы кәашаратә ансамбль «Афырҭыни» Аахыҵ Уаԥстәылатәи «Сармаҭи»  аконцерт еицынарыгӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Sputnik – Аахыҵ Уаԥстәыла. Аконцерт мҩаԥысит аиашьаратә республика аҿы «Аиҩызара» алозунг ала.

Аахыҵуаԥстәылатәи аколлектив асахьаркыратә напхгаҩы  Ацамаз Тедеты Аԥснытәи асасцәа гәахәара дула идикылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Р.Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысит ахәыҷтәы музакатә школқәа, аҟазара Ашколи Асахьаҭыхратә школи ишалгаз ала аттестатқәа ранашьара иазкыз аныҳәатә церемониа. Абри азы адырра ҟаҵоуп  аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит аҿы.

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе аушьҭымҭацәа қәҿиарала аҵараиурҭақәа ралгара рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ауаажәларатә Палата аҿы атехникатә наукақәа ркандидат, афизака-математикатә наукақәа рдоктор Расим Камлыиа иԥылара мҩаԥысит. Аҵарауаҩ анаука ахь дназгаз амҩа атәы еиҭеиҳәеит, иԥылоз ауадаҩрақәеи иоуаз аихьӡарақәеи дрылацәажәеит. Аӡыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны еизаз зегьы аҵарауаҩ азҵаарақәа иҭара азы  алшара рыман.

Аиԥылара аартуа, Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба аԥсуа жәлар рыҩныҵҟа ас еиԥш иҟоу иналукааша аҵарауаа ахьыҟоу гәадуоуп ҳәа иазгәалҭеит.  

«…Уамеигәырӷьар залшом ҳажәлар рыҩнҵҟагьы ас еиԥш иҟоу иналукааша аҵарауаа ахьыҟоу. Ҳара ҳзы гәахәара дууп шәара шәҟынтәи ҳара зегьы ҳзы игәадуроу, адунеи зыршанхо шәеихьӡарақәа ртәы аҳара», - ҳәа илҳәеит лара.

Расим Аркади-иԥа Ауаажәларратә Палата алахәылацәа иоуз адкылара бзиа азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Уи еиҭеиҳәеит Москватәи Афымцатә машьынаргылара Аинститут 5-тәи акурс астудентс даныҟаз аамҭазы 1970 шықәсазы имҩаԥысуаз аҵараиурҭабжьаратәи астуденттә конференциа аҿы дшықәгылаз атәы еиҭеиҳәеит. Усҟан иара иҟаиҵаз ажәахә анаукатә аартра аҳасабала ахәшьара арҭеит, иара убри ала ԥхьаҟатәи инаукатә усура ауасхыр шьҭанаҵеит.   Расим Камлыиа еизаз идирбеит убасҟан иоуз раԥхьатәи иавтортә ршаҳаҭга.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза ареконструкциа амҩаԥгара иадҳәалоу азҵаарақәа рзы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аиԥылара тема хаданы иҟалеит аиҭашьақәыргылара-ргыларатә усурақәа рцашьа.  Аилатәара иалахәыз ари ареспублика атранспорттә инфраструктура аҿиара азы аҵак ду змоу зымҽхак ҭбаау апроект изаамҭанытәиу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Уажәы иарбоу аобиект аҿы аперрон хыхь иқәырҭәаз ақәҵа ақәгарақәа, аҵԥраара-атәаратә цәаҳәа ацәхыԥ аҟны ахаҳәыарҷҷатә ашьаҭа ақәҵара, иара убас аҵԥраара-атәаратә цәаҳәа  иамыҷҷаз аиҭашьақәыргылара, еиҿҟьаз аиԥшьырҭақәа рычаԥара, хыхьтәи ақәырҭәа аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.

 Аусурақәа зегьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы аплан инақәыршәаны иазыԥҵәоу аамҭа иҭагӡаны имҩаԥысуеит.  

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа раартра иадҳәалоу аныҳәатә церемониа мҩаԥысит Ҟазан ақалақь аҿы. Урҭ ирылаху апортсменцәа рпарад Аԥсны ала иалагеит.

Ареспублика аҳәынҭқарратә бираҟ кны дықәлеит аԥснытәи алегендартә шьапылампыласҩы Ахра Цәеиба.  

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Еицырдыруа Аԥсны жәлар рартистка Нинель Бжьаниеи Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Гәылиза Аҩӡбеи Аԥсны жәлар рартист, адирижиор, асахьаркыратә напхгаҩы Давид Терзиан напхгара зиҭо Аԥснытәи аҳәынҭқарратә камертә оркестри рдует Шәача ақалақь аҿы, апроект «Урыстәылеи Аԥсни раҟ-ааҟтәи аимдаратә культуратә усмҩаԥгатәқәа» («Обменные культурные мероприятия России и Абхазии») аҳәаақәа ирҭагӡаны аконцерт «Piano Duo & Orchestra»  мҩаԥысит.

Аконцерт Piano Duo & Orchestra апрограмма аҿы иҟан еиуеиԥшым аепохақәеи ажанрқәеи  ирыҵанакуа арҿиамҭақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультуура Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны ааха зауз Очамчыра араион ақыҭақәа рҿы  аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. 

Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, шьаҭанкылатәи аиҭашьақәырыгылара Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба, Аҳәынҭқарратә Наплакы «Аԥсны аҟәарахьчара» адиректор Гәырам Ҳаразиа.

Гәырам Ҳаразиа аԥыза-министр адырра ииҭеит Џьгиарда ақыҭан Дӷамшь аӡиас аӡышьҭра аҿы аӡыхкыра ашьақәыргылара шымҩаԥысуа, уи иақәхарџьу аԥаратә хархәагақәа  20 млн. мааҭ рҟынӡа ишынаӡо, иара убас зхарџьынҵа 15,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо автомашьынатә цҳа аиҭашьақәыргылареи аӡиас аӡышьҭра арыцқьареи шымҩаԥгоу азы адырра ииҭеит.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Апарламент аҿы аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара мҩаԥысит. Уи мҩаԥигеит Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Бадрик Ԥлиа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апарламент апресс-маҵзура. 

Аилатәара рхы аладырхәит Апарламент адепутатцәа, аенергетикеи атранспорти Рминистрреи аилазаара ЗҲәА «Мой зеленый дом» ахаҭарнакцәа.  

Иахәаԥшын еиҭашьақәыргылаз ахыҵхырҭақәа рҟынтәи афымцамч агенерациеи ахархәареи рызҵаара. Ус уҳәар алшозар, аиаҵәара иахылҵуа аенергиа  ахыҵхырҭақәа рахь иаҵанакуеит аԥша, амра ашәахәақәа, аӡымҩасқәа, аӡыршыршәқәа (агеизерқәа), абиофымца. Урҭ рԥыжәара  аекологиа аԥырхагамхара иадҳәалоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.